Поиск по слову

Категории

Календарь

« Апрель 2024 »
Пн Вт Ср Чт Пт Сб Вс
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АСЛАН БЖАНИЯ ПОЗДРАВИЛ АБХАЗСКОЕ РАДИО С 90-ЛЕТНИМ ЮБИЛЕЕМ

Сухум. 29 апреля 2022. Апсныпресс. Президент Аслан Бжания поздравил работников Абхазского радио с 90-летием.

В поздравлении говорится:

«Ҳаҭыр зқәу Аҧсуа радио аусзуҩцәа!

Ишәыдысныҳәалоит Аҧсуа радио 90 ш. ахыҵра амш.


Аҧсуа жәлар рҭоурых аҟны аҵак ду змоу хҭысны иҟалеит 1932 шықәсазы Аҧсуа радио ацәырҵра. Убарҭ ашықәсқәа инадыркны иахьа уажәраанӡа ҳара ҳрадио иалшахьоу еихшьало ҳахәаҧшуазар, хәы змаӡам малны ҳаҧхьа иаацәырҵуеит. Уи ҳажәлар знысуаз аамҭа уадаҩқәа зегьы ирыцалсны, иахьагьы иҿахәҳәаганы иҳамоуп. Иара доуҳакны еиднакылоит мшын нырцә-аарцә инхо аишьцәа зегьы.


Ҳара ибзианы иаҳгәалашәоит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳрадио иааннакылаз аҭыҧ. Аӷа имацәаз иҭакыз абжьыуаа рраион иагәыӷырҭан, еиԥҟьарада абжьы наҩуан, ргәы архаҵон, ҧхьаҟа иагон ҳаибашьцәа.


Ҧшьынҩажәижәаба шықәса рыҩныҵҟа, Аҧсуа радио аҟны аус руан еиуеиҧшым абиҧарақәа, урҭ рыбжьара иҟоуп зыхьӡ хьтәы нбанла аҭоурых ианылахьоу, иҟоуп иахьа ҿыц иаҵагылаз абиҧара бзиа.


Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Иахьа арадио аҟны аус зуа, шәхаҵкы!

Ҳара ибзианы иаҳдыруеит азыӡырҩы иҟынӡа инажәго ажәабжь ҳаҧсуа ҳәынҭқарразы акыр шаҵанакуа. Убри аҟынтә азин сышәҭ, даҽазныкгьы ишәыдысныҳәаларц Аҧсуа радио 90 ш. ахыҵра. Ишәзеиӷьасшьоит имариам шәус аҟны аизҳара дуқәа!»

Последнее изменение Пятница, 29 апреля 2022 17:48