Поиск по слову

Категории

Календарь

« Май 2024 »
Пн Вт Ср Чт Пт Сб Вс
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ПРЕЗИДЕНТ АСЛАН БЖАНИЯ ВЫРАЗИЛ СОБОЛЕЗНОВАНИЯ РОДНЫМ И БЛИЗКИМ ПО СЛУЧАЮ СМЕРТИ  ЖИВШЕГО В ТУРЦИИ СООТЕЧЕСТВЕННИКА   СЕЗАИ ПАПБА

Сухум. 2 апреля 2022. Апсныпресс. На 64-м году ушел из жизни  журналист, общественный деятель, потомок абхазских махаджиров, живший в Стамбуле Сезаи Папба (Бабакуш). Президент Аслан Бжания выразил соболезнования родным и близким по случаю смерти    Сезаи Папба.

***

 «Гәалсра дула иҳадаҳкылеит Ҭырқәтәыла инхоз ҳџьынџьуаҩ Сезаи Папба ачымазара бааԥс иахҟьаны иаамҭаӡамкәа иԥсҭазаара иалҵра ахҭыс.

Сезаи Паба Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раҧхьагьы иҭоурыхтә ҧсадгьыл дадҳәалан, ҳхылҵшьҭрақәеи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара дашьҭан, ари аус акыр дазааԥсахьан.

Сезаи Аԥсныҟа изныкымкәа даахьан, акыраамҭагьы ара дынхон, аус иуан.1999 шықәсазы ажурналист, аиҭагаҩ иаҳасабала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Владислав Арӡынба Ҭырқәтәыла иҟазаараан, Сҭамԥыл апресс-конференциа мҩаԥигон.

Аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, гәыла-ҧсыла зыуаажәлар ирыдҳәалаз Сезаи Папба иԥсҭазаара иалҵра цәыӡ дуӡӡоуп аԥсуа жәлар зегьы рзы.

Гәалсра дула ҳрыдышшылоит Сезаи Папба иуацәеи иҭынхацәеи. 

Уи игәалашәара лаша наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит».

Последнее изменение Суббота, 02 апреля 2022 21:35