Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Аслан Бжьаниа дрыдышшылеит зыҧсҭазаара иалҵыз Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора иналукааша ахаҭарнак Џьамалеҭҭин Арӡынба иҭынхацәа

Аԥшьаша, 01 Жьҭаара 2020 12:23 658

Аҟәа. Абҵара 1. Аԥсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дрыдышшылеит зыҧсҭазаара иалҵыз Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора иналукааша ахаҭарнак Џьамалеҭҭин Арӡынба иҭынхацәа.

Адышшылара ашәҟәаҿы иаҳәоит:

Аҧсны гәалсра дула ирыдыркылеит еицырдыруа аҧсуа жәлар рхаҭарнак Џьамалаҭҭин Арӡынба иҧсҭазаара далҵит ҳәа Ҭырқәтәылантәи иааҩыз ажәабжь. Ауаҩы лаша, зыҧсадгьыл абзиабара зыҧсҭазаара зегьы иалызгаз, уи ахьаа зхьааз, уаҵәтәи аҧеиҧш иазхәыцуаз апатриот , аҳақьым ду иҧсра цәыӡ дууп ҳмилаҭ рзы. Џьамалеҭҭин Арӡынба лассы-лассы даҭаауан иабацәа рыдгьыл, иҟәыҕареи иаамысҭашәареи ирыбзоураны аҧсуа жәлар ирзынижьит игәыбылра.
Аҧсны анапхгара рыхьӡала срыдышшылоит Џьамалаҭҭин Арӡынба иҭынхацәа, иҩызцәа, Ҭырқәтәыла инхо ҳауаажәлар зегьы. Иҧсы ҭынчзааит, аџьанаҭ гыларҭас Анцәа иаҭәеишьааит зыдунеи зыҧсахыз ҳашьа.

Last modified on Аԥшьаша, 01 Жьҭаара 2020 13:22