Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ВАЛЕРИ АГРБА:  АПАРЛАМЕНТ АКОНСТИТУЦИА ЕИЛАНАГЕИТ ҲӘА ИЗЫҦХЬАӠО АЗЫҲӘАМҬА АӠБАРҬА АХЬ ИНАРЫШЬҬААИТ

Ашәахьа, 28 Цәыббра 2020 15:20 1637

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2020 ш. Аҧсныпресс. 50-ҩык инарзынаҧшуа абаандаҩцәа азаҭ (ацәгьаура анажьра) иаҵанакраны иҟоуп. Цәыббрамза 24 рзы уи азы аӡбамҭа рыдыркылеит Жәлар Реизара-Апарламент аҿы. Абри азы имҩаҧгаз апресс-конференциа аҿы адырра ҟаиҵеит Жәлар Реизара-Апарламент аҳәынҭқарра-зинтә политика азы Аилак ахантәаҩы Валери Агрба.

Адепутат иахьатәи апресс-конференциа амҩаҧгара “Ареспублика Аҧсны ахьыҧшымреи Аиааиреи Рымш– цәыббрамза 30, 2020 шықәса 27 шықәса ахыҵра иазкны азаҭ (ашьауҕа ақәыхра) алаҳәара азы” Ақәҵара адкылареи, “Ареспублика Аҧсны ахьыҧшымреи Аиааиреи Рымш– цәыббрамза 30, 2020 шықәса 27 шықәса ахыҵра иазкны азаҭ  алаҳәара азы Ақәҵара анагӡара азы” Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ирыдыркылаз Ақәҵарақәа инарымаданы  “амассатә информациатә хархәагақәеи асоциалтә каҭақәеи рыла зынӡа инагӡамкәа, иҵабыргымкәа, ахәҭакахьала еицакны адырра аларҵәара иадҳәаланы имҩаҧгоуп.  

Валери Агрба  азаҭ алаҳәара азы ашәҟәынҵа аус адулареи адкылареи иазҧхьанеиуаз  далацәажәеит: “Аҧсны аибашьрашьҭахьтәи аҭоурых зегьы иалагӡаны ааҧхьарақәа зегьы рыла азаҭ азы 8 шәҟәынҵа рыдкылан. Иахьа ҳазлацәажәо ашәҟәынҵагьы уаанӡа ирыдыркылахьаз актқәагьы аконцептуалтәи азинтәи аҭагылазаашьақәа рганахьала еиҩырго ҳәа акгьы ыҟам. Ари иҵабыргу фактуп, уи аилкаарагьы дарбанызаалак илшоит, Апарламент уаанӡатәи ааҧхьарақәа рматериалқәа шьҭыхны дахәаҧшыр.

Уаанӡа азаҭ азы ашәҟәынҵақәа рыдкылараан ас еиҧш аилыхара (ажиотаж) цәырҵуамызт, ас еиҧш ацәажәарақәа рхы иаҭәаршьомызт Аҳәынҭқарра Ахада, анагӡаратә мчра аусбарҭақәа, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, апрокуратура ахаҭарнакцәа, ауаажәларра. Ахаангьы азаҭ азы аӡбамҭа адкылара ас еиҧш аҿагылара амоуӡацызт. Ас еиҧш аҟыҟ-ҿык  шьаҭас иамоу сара сзы еилкаамкәа иаанхоит.  Иҟалар алшоит  иарбоу аманипулиациақәа “аполитикатә  еимҵакьачара”, Апарламент аҳаҭыр аларҟәра азы аҽазышәарақәа ирыдҳәалазаргьы. Апарламент аганахьала иарбанызаалак аҽыҧныҳәарақәеи ахарадҵареи акала ишьаҭаркызароуп”, - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Валери Агрба. 

Адепутат иажәақәа рыла, азаҭ азы аӡбамҭа адкылара аполитикатә партиа “Амцахара”, ауаажәларратә еиҿкаарақәа “Аруаа”, “Абааш” иалоу Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи, абаандаҩцәа рыуацәеи, дара абаандаҩцәа рхаҭақәагьы - аибашьра аветеранцәа рҟынтәи Жәлар Реизара-Апарламент ахь иаашьҭыз ааҧхьара иадҳәалахеит.    

 “Апроект аус адулара мызки бжаки инареиҳаны имҩаҧысуан. Арегламент инақәыршәаны, аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы аилатәарақәа хҧа мҩаҧысит. Цәыббрамза 14 рзы ҳара аилатәара мҩаҧаагеит,уахь ааҧхьара рыҭан иарбоу аус иазҿлымҳау ахылаҧшырҭақәа рхаҭарнакцәа зегьы. Иарбоу аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнакцәа, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, апрокуратура Хада, Ареспублика Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ахаҭарнакцәа. Аилак аилатәара аҿы иҟаҵаз ажәалагалақәа зегьы иарбоу апроект ианыҧшит. Уи, ахәҭакахьала, цәыббрамза 24 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аилатәара аҿы адгалара мҩаҧган”, - ҳәа иҳәеит Валери Агрба.

 Валери Агрба ажурналистцәа ириҭаз адыррақәа рыла, азаҭ иаҵанамкуа ацәгьоура ахкқәа еизырҳан. 

 Апрофилтә еилакы аилатәара аҿы мап зыцәкыз ажәалагалақәа рганахьала, Валери Агрба “ажәалагалақәак мап рацәкра азакәанҧҵара инақәыршәаны имҩаҧган” ҳәа иҧхьаӡоит. 

 Валери Агрба иажәақәа рыла, апрокуратура Хада мацара ауп ажәалагалақәа ҩны адгалара мҩаҧызгаз.

 Аҳәынҭқарра Ахада иганахьала авето ақәҵара азы иҟоу  ацәажәарақәа  рганахьала, Валери Агрба “азаҭ азы аусшәҟәы закәанӡам, уи Апарламент Ақәҵара ауп азы, уи Аҳәынҭқарра Ахада иҟынтәи авето ақәҵара иаҵанакӡом” ҳәа иазгәеиҭеит.  

 Валери Агрба цәыббрамза 24 рзы имҩаҧысыз Апарламент аилатәара зхы алазырхәыз 30-ҩык адепутатцәа рҟынтәи азаҭ азы ақәҵара адкыларазы 20-ҩык рыбжьы рҭиит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

 Апарламент адепутат ҷыдала иазгәеиҭеит, ашьауҕа ахыхра азы иарбоу ашәҟәынҵа аҿы аибашьра аветеранцәа, аинвалидцәа рзы ирықәу ахьырхәра аҽҳәара армаҷра, мамзаргьы ашьуҕа арҧсыҽра  иазкны маҷк хырҩа азура аныҧшуеит, аха иарбоу анорма закәанла ишьаҭаркуп, избан акәзар уи Ареспублика Аҧсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 78 ала иазҧхьагәаҭоуп.   Иарбоу ахьырхәра армариара уаанӡагьы аҭыҧ аман. Валери Агрба Апарламент ашьауҕа ахыхра (амнистиа) азы иарбоу ашәҟәынҵа адкыларала ахьырхәра хырҧашьа амамзаара апринцип еиланагеит ҳәа изыҧхьаӡо дрықәшаҳаҭӡам.

“Ас еиҧш ахарадҵара акала ишьаҭаркым, иҵаҵҕәыдоуп”, - ҳәа иҳәеит Валери Агрба.

 

Ахьырхәра хырҧашьа амамзаара апринцип - ари аҳәынҭқарра ала ахьырхәратә уснагӡатәқәа рынагӡара мацара акәӡам, уи алабжьаратә хықәкы аҭаны егьырҭ азинтә уснагӡатәқәа рыла аныррагьы аҵанакуеит”, -ҳәа иҳәеит Валери Агрба.

 

Валери Агрба иара убас Апарламент ашьауҕақәҵара аиашареи аишьашәалареи рыпринцип еиланагеит ҳәа агәаанагарагьы дақәшаҳаҭӡам.

 

“Ашьауҕақәҵара аиашара апринцип излаҳәо ала, ацәгьоура ҟазҵаз ауаҩы ихьырхәра азы аӡбамҭа адкылара иара ацәгьоура аҟазшьеи, ахки, ацәгьауаҩы ихаҭареи, ацәгьоура аҟаҵара аҭагылазаашьақәеи ҳасаб рзуны имҩаҧысуеит.  Аха ҳара ашьҭаҵаара, аусеилыргара, ашьауҕақәҵара, уҳәа реиҧш иҟоу азинмчқәа ҳамоума?”, - ҳәа азҵаара ҟаиҵеит Валери Агрба.

 

Валери Агрба Аҧсны ашьауҕақәҵаратә система аҿы иҟоу ауадаҩрақәа дырзааҭгылеит. “Абахҭа аҭакра иадҳәалоу аҭагылазаашьақәа реиҿкаара  аганахьала  зегьы маншәаланы иҳамам, амедицинатә цхыраареи ӡыла аиқәыршәареи уахь иналаҵаны. Ҳара иахьа ахацәеи аҳәсеи, зықәра наӡами зықәра наӡоуи, хықәкыла ацәгьоура ҟазҵази машәырла ацәгьоура ҟазҵази, ҷыдала ишәарҭоу арецедивистцәеи хазы-хазы рҭакразы алшара ҳамоума?  30-шықәса рыла ҳара ҧхьаҟа ҳзеиҭаҵызҭгьы, усҟан азакәан инақәыршәаны ишақәнагоу ала ахьырхәра нагӡаны ақәыршәара азы адҵаҟаҵара ҳалшон. Усҟан азаҭ алаҳәара хымҧадатәны иҟамларгьы ауан”, - ҳәа игәаанагара иҳәеит Жәлар Реизара-Апарламент адепутат.

 

Уи иажәақәа рыла, “Ҳара анормақәа зегьы ирықәшәо ариашаратә џьатә колониак (АЏЬК) иадымхаргьы аргыларазы Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи аматериалтә цхыраара ҳазыҧшуп”.

 

“Знык иадамзаргьы ҳара амаҵуратә ныҟәарақәа, ачынратә харџьқәа, амаҵуратә машьынақәа, уҳәа рмыцхәрас абиуџьет аҧаратә хархәагақәа алаҳгалар ҟамлои?  Абри аамҭа зегьы иалагӡаны ма убри аҟаҵара ҳалымшаӡои?

 

Апресс-конференциа аҿы иара убас азаҭ алаҳәареи анагӡареи рзы аҧҟарақәа ҳәаақәызҵо анорма-зинтә шәҟәынҵа аҟамзаара иалацәажәеит. Иара убас, азаҭ азы ашәҟәынҵақәа зегьы аиубилеитә рыцхәқәа рыла, хәы-шықәса абжьазаара ирҭагӡаны  ирыдыркылаӡамызт ҳәагьы иазгәаҭан. 

 

Аибашьра ашьҭахь Аҧсны азаҭ (амнистиа) аантәы ирылаҳәан – 1995, 1997, 2003, 2005, 2008, 2010, 2012, 2013 шықәсқәа рзы.

 

Ажәбатәи амнистиа азы аӡбамҭа адкылара аиубилеитә ашықәс ишақәымшәазгьы, уи уеизгьы Аҧсны зегьы реиҳа ихадоу аныҳәа – Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымш иадҳәалахеит.

 

“Сара Жәлар Реизара-Апарламент азакәани Аконституциеи еиланагеит ҳәа аиуристцәа гәыҧҩыки ауаажәларратә усзуҩцәақәаки иҟарҵаз аҳәамҭақәа збеит. Урҭ аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа  Ареспублика Аҧсны аконституциатә иуристдикциа Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 82 инақәыршәаны азаҭ алаҳәара азы Апарламент иаднакылаз ақәҵара азакәантә шьаҭа агәаҭара азы азыҳәамҭа  ҟарҵарц рылшоит. Ҳара уи жәаҳәарада ҳадгылоит. Апарламент Аконституциа еиланагеит ҳәа изыҧхьаӡо азыҳәамҭа аӡбарҭа ахь инарышьҭааит.  Аӡбарҭа уи азы аӡбамҭа аднакылааит. Ҳара агха ҟаҳҵазар, Апарламент Аӡбарҭа аӡбамҭа иақәныҟәоит”, - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Валери Бганба.

 

Азаҭ иаҵанакуа ауаа рхыҧхьаӡара азы азҵаара аҭак ҟаҵо, Валери Агрба адырра ҟаиҵеит - 50-ҩык инарзынаҧшуа абаандаҩцәа азаҭ (ацәгьаура анажьра) иаҵанакраны иҟоуп.

 

Уаанӡа ирыдыркылахьаз азаҭ азы ашәҟәынҵақәа ирҿырҧшны уахәаҧшуазар, уажәы ирыдыркылаз ашәҟәынҵа ашьауҕа анажьра - 2008 шықәсазы Кәыдрытәи аҩхаа ахақәиҭра иалахәыз арезервистцәагьы аҵанакыр алшоит.

 

“Уи азы аҳәара ҟарҵеит аветерантә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа. Урҭ 1995, 1998, 2001шықәсқәа рзы иҟаз ахҭысқәа ирылахәызгьы амнистиа азы иарбоу акт иаҵанакуа аҟаҵара азы аҳәара ҟарҵеит, аха ҳара уи азинтә шьаҭа аманы иҳамбаӡеит. Кәыдрытәи аҩхаа ахақәиҭра иалахәыз ракәзар, ҳара арбџьармчқәа ррезерв азы азакәан ҳамоуп. Уи иашьашәалоу арезервистцәа рсиа ыҟоуп.  Ашьаусеилыргаратә ҧхьакырҭа (АЕҦХЬ) аҿы иҟоуп ҩыџьа-хҩык инарзынаҧшуа Кәыдрытәи аҩхаа ахақәиҭра иалахәыз, аха урҭ зегьы амнистиа азы азакәан иаҵанакӡом”, - ҳәа алкаа ҟаиҵеит Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Валери Агрба. 

 

 

Last modified on Аҩаша, 29 Цәыббра 2020 15:22