Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Аслан Бжьаниа иналукааша аҧсуа шәҟәҩҩы Платон Бебиа ииубилеи идиныҳәалеит

Ашәахьа, 05 Жьҭаара 2020 14:20 642

Аҟәа. Абҵара 5. Аԥсныпресс. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит иахьа 85 шықәса зхыҵыз иналукааша аҧсуа шәҟәҩҩы Платон Бебиа.

"Ҳаҭыр зқәу Платон Хәамҧа-иҧа

Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит 85 шықәса шәхыҵра! Шәара шәыруаӡәкыуп зырҿиарала аҧсуа литература аҩаӡара шьҭызхыз аҧсуа шәҟәыҩҩцәа. Шәара ишәымоуп иҷыдоу шәхатә ажәа, уи ҵаулоуп, иҵаруп, аӡәы илаҩашьом шәсатира. Шәкалам иҵыҵыз ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа еиҭагоуп бызшәа рацәала, урҭ иӡырыргоит ҳаҧсадгьыл, ҳажәлар рҭоурых, рыбзазара. Шәырҿиараҿы иҷыдоу аҭыҧ ааннакылоит ахәыҷтәы литература. Аҧхьаҩцәа ахә ҳаракны иршьоит аҧсышәала ишәырцәажәаз адунеитә классикцәа раҧҵамҭақәа.

Шәџьабаа рыдуп ажурналқәа “Амцабз”, “Алашара” , иара убас акыр шықәса напхгара зышәҭоз Аҳәынҭқарратә шәыҟәҭыжьырҭа. Аҧсуа литаратураҿы шәлагалазы ишәанашьоуп Дырмит Гәлиа ихьӡ зхыу Аҳәынҭқарратә премиа, “Ахьӡ-Аҧша” аорден ахҧатәи аҩаӡара.

Акыр иаҧсоу Платон Хәымҧа-иҧа, шәиубилеи аҽны ишәзеиҕьысшьоит агәабзиара, ашықәс рацәа, шәырҿиараҿы аихьӡара ҿыцқәа".

Last modified on Ашәахьа, 05 Жьҭаара 2020 14:23