Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АФЕДЕРАЛТӘ ЕИЗАРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АДЕПУТАТ ВАХА АГАЕВ ИУАЦӘА ДРЫДЫШШЫЛЕИТ

Аԥшьаша, 24 Цәыббра 2020 13:36 398

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2020 ш. Аҧсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Ваха Агаев иҧсҭазаара дахьалҵыз инамаданы уи иуацәеи иҭахцәеи дрыдышшылеит.

Адышшыларатә шәҟәы аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

"Гәалсра дула исыдыскылеит иналукааша аполитикатә усзуҩ, атәыла апатриот иаша, Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Ваха Абу-иҧа Агаев изаамҭанымкәа иҧсҭазаара дшалҵыз азы алахьеиқәҵаратә жәабжь.

Ари иуадаҩу аамҭа азы зыҧсҭазаара иалҵыз ҳҩыза иуацәеи иҭахцәеи срыдышшылоит, ргәырҩагьы рыцеиҩызшоит”.