Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ДАУР АМҶБА: ИҦААНЫ ИГАЗ ЏЬЕМАЛИ СОСЕЛИА ИАХА ИХЫ ДАҚӘИҬТӘЫН

Аԥшьаша, 24 Цәыббра 2020 17:28 646

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2020 ш. Аҧсныпресс. Цәыббрамза 5 рзы идырым шьоукы рыла иҧааны игаз Џьемали Соселиа иаха ихы дақәиҭтәын.

“Ҳара Џьемали Соселиа ихы дшақәиҭтәыз ҳарҵабыргуеит. Иҧааны игаз ауаҩы иаха даушьҭын. Аҭагылазаашьақәа зегьы рыҭҵаара ҟалаанӡа, еиҳа инарҭбаау аинформациа макьаназы иҳазшәыҭом. Уажәы азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа иҟалаз ахҭыс аҭҵаара мҩаҧыргоит. Уи зегьы зыҟаҵахо, аус аилыргара азы иаҭаху аинформациа зегьы аизгара азы ауп. Уи шалыршахо еиҧшҵәҟьа, ҳара уи азы хымҧада адырра ҟаҳҵоит”, - ҳәа Аҧсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иазгәеиҭеит атәыла апрокурор хада актәи ихаҭыҧуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба. 

Уаанӡа иҳауз адыррақәа рыла, цәыббрамза 6 ауха, Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша ахь 1962 шықәса рзы ииз Соселиа Џьемали Давид-иҧа иҧаара азы адырра ҟалеит. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыҧ ахь инеиз аусеилыргара-оперативтә гәыҧ излеилыркааз ала, цәыббрамза 5, асаҭ 22:00 инарзынаҧшуа, Ҭҟәарчал араион ақыҭа Речх аҿы  маҭәа еиқәаҵәала еилаҳәаз, асабрадақәа рҿаҵаны гәыҧҩык ауаа, автомашьына BMW (аҳәынҭқарратә дырга  О818ХК 123-го арегион иатәу) иақәтәаны иаауаз ари ақыҭа аҿы инхо Џьемали Соселиа дааныркылан, анаҩс дҧааны ақыҭа Гал араион Аберқыҭ (ҧыхьатәи Саберио) ақыҭа  аганахьала рыҽӡаны ицеит, анаҩс урҭ Џьемали Соселиа мчымхарала Егры аӡиас дахганы Қырҭтәылаҟа дыргеит..