Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЏЬЕМАЛИ СОСЕЛИА ДҦААНЫ ДЫРГЕИТ ҲӘА АГӘҨАРА ЗДУ ААНКЫЛОУП

Ахәаша, 25 Цәыббра 2020 16:50 601

Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2020 ш. Аҧсныпресс.  Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи русзуҩцәа Џьемали Соселиа дҧааны даргеит ҳәа агәҩара зду ауаа аанкыланы рҿахәыы рымхра мҩаҧыргеит. Цәыббрамза 5, 2020 шықәсазы иҧааны игаз Џьемали Соселиа ихаҭа иакәзар, цәыббрамза 23 рзы Қырҭтәыла иахьаҵанакуа ихы дақәиҭтәын.

Ареспублика Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, уажәы Џьемали соселиа Аҧсны дыҟоуп, уи ишәарҭадареи агәабзиареи ҭышәынтәалоуп. Иарбоу ацәгьоура еиҿызкаази иназыгӡази ауаа реилкаареи раанкылареи рзы иахәҭоу аоператив-ҧшааратә усурақәа мҩаҧысуеит.  

Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла, цәыббрамза 6 ауха, Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша ахь 1962 шықәса рзы ииз Соселиа Џьемали Давид-иҧа иҧаара азы адырра ҟалеит. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыҧ ахь инеиз аусеилыргара-оперативтә гәыҧ излеилыркааз ала, цәыббрамза 5, асаҭ 22:00 инарзынаҧшуа, Ҭҟәарчал араион ақыҭа Речх аҿы  маҭәа еиқәаҵәала еилаҳәаз, асабрадақәа рҿаҵаны гәыҧҩык ауаа, автомашьына BMW (аҳәынҭқарратә дырга  О818ХК 123-го арегион иатәу) иақәтәаны иаауаз ари ақыҭа аҿы инхо Џьемали Соселиа дааныркылан, анаҩс дҧааны ақыҭа Гал араион Аберқыҭ (ҧыхьатәи Саберио) ақыҭа  аганахьала рыҽӡаны ицеит, анаҩс урҭ Џьемали Соселиа мчымхарала Егры аӡиас дахганы Қырҭтәылаҟа дыргеит.