Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АРҨЫШЬЫГАТӘ МАҬӘАШЬАРҚӘА РЫҬИРА ЗНАПЫ АЛАКУ ГӘЫҦҨЫК РААНКЫЛАРА АЛЫРШОУП

Аԥшьаша, 24 Цәыббра 2020 22:01 1658

Аҟәа. Цәыббрамза 24. Аҧсныпресс.  Арҩышьыгатә маҭәашьарқәа реиҭарсра знапы алаку гәыҧҩык ауаа раанкылара алыршахеит. Аҧсны Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Арҩышьыгатә маҭәашьарқәа  зинда рырмазеира, раахәара, рыҵәахра, рлага-ҩагара, ма рыҭира аҧхьырҟәҟәаареи ахылаҧшреи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа “Метадон” ҳәа изышьҭоу арҩышьыгатә маҭәашьар апартиа ду алаҵәара аҧхьырҟәҟәаара рылшеит.

“Ари аус алыршахеит ҷыдала имҩаҧгаз аоперациа иабзоураны. Аусбарҭа аусзуҩцәа “Метадон” алага-ҩагареи аҭиреи знапы алакыз ацәгьоуцәа ргәыҧ аанкылара рылшеит. Аоперативтә усмҩаҧгатәқәа раан ирымхыз амаҭәашьар експерт-криминалисттә центр аҿы аҭҵаара мҩаҧысуеит. Уи акапан хышәи ҩынҩажәижәаба грамм рҟынӡа инаӡеит. Иарбоу арҩышьыгатә маҭәашьар ахәҧса изакәаным аџьармыкьа аҿы 14 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Уи иарбоу ашьцылара бааҧсы змоу ҳтәылауаа рхархәара иазкын”, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.