Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА ИАТӘУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АБЫЛРАЦӘЫХЬЧАРАТӘ АКАДЕМИА АҾЫ ҬОУБА ЗУЗ РХЫҦХЬАӠАРАҾЫ ИҞОУП – ҦШЬҨЫК АҦСНЫ АТӘЫЛАУАА

Ахаша, 23 Цәыббра 2020 15:42 455

 

Аҟәа. Цәыббрамза 23. Аҧсныпресс. Цәыббрамза 22 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу аҳәынҭқарратә абылрацәыхьчаратә Академиа аҿы аҭоуба аҭара иазкны агәрҕьаратә церемониа мҩаҧысит.  Аҭоуба зуз рхыҧхьаӡараҿы иҟан ҧшьҩык Аҧсны атәылауаагьы. Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҵара ахысрааан акурсантцәа атеориатәии аҧышәатәи адыррақәа дырҳараны иҟоуп.

Урыстәылатәи Афедерациа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу аҳәынҭқарратә абылрацәыхьчаратә Академиа аусура ихадоу ахырхарҭаны иҟоуп абылрацәыхьчара, атехносфератә шәарҭадара, ауааҧсыреи атерриториақәеи иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рацәыхьчареи, аинформациатә технологиақәеи, уҳәа рганахьала аспециалистцәа разыҟаҵара.

Аҧсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра жәабранмза, 2010 шықәсазы Москва ақалақь аҿы  знапаҵыҩра мҩаҧысыз аҩганктәи анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Урыстәылатәи Афедерациа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу аҵараиурҭақәа рахь акурсантцәа дәықәнаҵоит.

Уажәы Урыстәылатәи Афедерациа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу аҳәынҭқарратә абылрацәыхьчаратә Академиа аҿы Аҧснынтәи аҵара рҵоит 25-ҩык Аҧсны атәылауаа.