Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЦӘЫРГАҚӘҴАТӘ ЗАЛ ХАДА АҾЫ ИМҨАҦЫСУЕИТ АЦӘЫРГАҚӘҴА “АСАХЬАҬЫХЫҨ. ААМҬА. АГӘАЛАШӘАРА.”

Ахаша, 23 Цәыббра 2020 15:57 555

Аҟәа. Цәыббрамза 23 2020 ш. Аҧсныпресс.  Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы имҩаҧысуеит ацәыргақәҵа “Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа. Агәалашәара”. Уи 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амши, 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 75-шықәса ахыҵреи иазкуп. 

Ацәыргақәҵатә зал Хада аҩзалк рҿы ицәыргақәҵоуп 70 инарзынаҧшуа аусумҭақәа: ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа, Аҳәынҭқарратә Милаҭтә сахьатә галереиа аколлекциа аҟынтәи, иара убас Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҧсуа жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҳәынҭқарратә музеи аҟынтәи аҿыханҵатә усумҭақәа.

Аекспозициа иара убас иалалеит аусумҭақәа : “Аибашьра аҧхьа (алагаанӡа)” Алхас Кәырмазиа, “Аҧсны 1992 - 1993 шш.” Венера Гагәылиа, “Хатәгәаҧхарала еибашьуаз Хасанби Виндугов” Лаша Габелиа, “Аҵыс Ҟаҧшь” Оҭар Зарандиа, “Санчартәи ашьхахыҵырҭа” Николаи Писарчук, “Амацәаз иҭаку Ҭҟәарчалҟа” Гарри Дочиа, “Автопортреҭ” Заур Аџьба, Руслан Габлиеи егьырҭ авторцәеи  рнапы иҵыҵыз аибашьра иалахәыз рпортретқәа реизга.

 

Ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа -  Ареспублика Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи Аҳәынҭқарратә милаҭтә сахьатә галереиеи.

 

Ацәыргақәҵа мҩаҧыслоит жьҭаарамза 8 рҟынӡа.