Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ГАЛ АРАИОН АҾЫ ЗЫҚӘРА НАӠАМ РУСҚӘА РЗЫ АКОМИССИА ЗААӠАРАҾЫ АУАДАҨРАҚӘА ЦӘЫРҴУА АХӘЫҶҚӘА ЗМОУ АҬААЦӘА АГУМАНИТАРТӘ ЦХЫРААРА РЫНАҬОИТ

Ахаша, 23 Цәыббра 2020 15:38 467

Аҟәа. Цәыббрамза 23. Аҧсныпресс.  Ҩаҧхьа иаҧҵоу, Беслан Емырхәба напхгара зиҭо Гал араион аҿы зықәра наӡам русқәа рзы Акомиссиа, агуманитартә цхыраара аҭара хықәкыс иҟаҵаны Гал араион ақыҭақәа ирҭааит.

Зааӡараҿы ауадаҩрақәа цәырҵуа ахәыҷқәа змоу аҭаацәа рзы фатәи-жәтәи рыла ишьақәгылоу агуманитартә цхыраара акомиссиа алахәылацәа рыла еизган.  

Беслан  Емырхәба, акомиссиа алахәылацәа, аҭаацәеи ахәыҷқәеи аринахысгьы излауа ала лассы-лассы рыҽрымадареи агуманитартә цхыраара рыҭареи азҧхьагәаҭаны ирымоуп.  

"Уаанӡа ҳара акомиссиа хықәкыла аус зыдыруало аҭаацәа рыдагьы, егьырҭгьы фатәы-жәтәыла ишьақәгылоу агуманитартә цхыраара рыҭара ҳалҳаршон. Аха, акоронавирусттә ҿкы чымазара алаҵәара иахҟьаны, арегиони, иааизакны ареспублика зегьы аҟны аекономикатә ҭагылазаашьа ауадаҩхара инамаданы, ҳара уажәы ҳхылаҧшра аҵаҟа иҟоу ахәыҷқәа змоу аҭаацәа мацара ҳрыцхраауеит”, - ҳәа иазгәалҭеит Гал араион аҿы зықәра наӡам русқәа рзы акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ Ҭеиа Аршба.