Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҦСНЫ АНАЦӘА РХЕИЛАК АТӘЫЛА АНАПХГАРЕИ АУААЖӘЛАРРЕИ РЫШҞА АНЫҲӘАТӘ УСМҨАҦГАТӘҚӘА РЫМҼХАК МЫЦХӘЫ АМЫРҬБААРА АЗЫ ААҦХЬАРА ҞАРҴЕИТ

Ахаша, 23 Цәыббра 2020 14:27 394

Аҟәа. Цәыббрамза 23 2020. Аҧсныпресс. Аҧсны анацәа Рхеилак ареспублика аҿы акоронавирусттә ҿкы чымазара алаҵәара инамаданы атәыла ауааҧсыреи, зеиҳараҩык ашәарҭара агәыҧ иаҵанакуа аибашьра аветеранцәеи урҭ рыуацәеи рҭахцәеи рзы агәҭынчымра аадырҧшуеит.

Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы зыҷкәынцәа ҭахаз анацәа, Аҳәынҭқарра Ахада, атәыла Аҧыза-министр, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, аҳҭнықалақь Ахадара, ареспублика ауаажәларра рхаҭарнакцәа рахь “ишьақәгылаз ашәарҭара ду зцу аҭагылазаашьа аҿы аҭыҧантәи ауааҧсыреи Аиааира Амшныҳәазы ҳгәырҕьара ҳацеиҩыршарц иаҳзааз ҳаҭыр зқәу асасцәеи ршәарҭадара инамаданы  аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рыпрограмма излауа ала еиҵатәны ашьақәыргылара” азы ааҧхьара ҟарҵоит.

 АНАЦӘА РХЕИЛАК ААҦХЬАРА

 Мышқәак рышьҭахь иазгәаҳҭараны ҳаҟоуп Аҧсны иҿыцӡоу аҭоурых аҿы зегьы раасҭа  ихадоу аныҳәа –1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амшныҳәа. Есышықәса иҭахаз афырхацәа ранацәа, Аҧсны ажәлар зегьы реиҧш ргәы хыҭ-хыҭуа ари Амшныҳәа ааира иазыҧшуп. Аха сынтәа, Аҧсны ауааҧсыра акоронавирусттә ҿкы чымазара рылаҵәара иахҟьаны, ҳара ҳтәылауаа, иаҳзааигәоу ауаа, зеиҳараҩык ашәарҭара агәыҧ иаҵанакуа ҳаҭыр ду зқәу аибашьра аветеранцәеи урҭ рыуацәеи рҭахцәеи рзы агәҭынчымра ааҳарҧшуеит.

Аиааира Амшныҳәа – ҳара зегьы ҳзы иҧшьоу ныҳәоуп, аха ҳара ҳхәыҷқәа Аҧсны ажәлар ршәарҭадареи реизҳазыҕьареи, Анцәа иҭыҧ ҳәа изышьҭоу ари адгьыл аҿы аҧсҭазаареи аҿиареи ҟаларц азы рхы иамеигӡеит.

Иаҳҳәаз ажәақәа зегьы аҭакҧхықәра ҳхахьы иго, Аҳәынҭқарра Ахада, Аҧыза-министр, Жәлар Реизара Апарламент адепутатцәа, Аҟәа ақалақь Ахадара, иара убас ауаажәларра рхаҭарнакцәа зегьы рахь “ишьақәгылаз ашәарҭара ду зцу аҭагылазаашьа аҿы аҭыҧантәи ауааҧсыреи Аиааира Амшныҳәазы ҳгәырҕьара ҳацеиҩыршарц иаҳзааз ҳаҭыр зқәу асасцәеи ршәарҭадара инамаданы  аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рыпрограмма излауа ала еиҵатәны ашьақәыргылара” азы ааҧхьара ҟаҳҵоит.  Излауа ала ауаа ргәабзиара ашәарҭара иҭамыргылакәа аибашьраҿы иҭахаз ҳаҭырла ргәалашәаразы аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара аформа ҧшаатәуп.  

Ҳара агәра ҳгоит ҳажәлар ас еиҧш зда ҧсыхәа ыҟам ауснагӡатәқәа  еилкаарала ишазнеиуа. Дарбанызаалак ауаҩы иҧсҭазаара ахьчареи, иааизакны амилаҭтә гәабзиара аиҷаҳареи ҳҳәынҭқарра ауасхырқәа ируакуп. Аныҳәатә мшқәа раан аҧкрақәа ралагалара ҳҳәынҭқарра хра злоу ашьақәгылареи, ашәарҭара аныҟоу аамҭазы амчқәа зегьы ракзаареи,  атәыла анапхгареи ауаажәларреи рҭакҧхықәреи даҽазныкгьы иарҵабыргуеит.