Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

НАТАЛИА СИМОНИА ҼЫЛА АҦЫНГЫЛАҚӘА  РХЫҦАРА (КОНКУР) АЗЫ АДУНЕИ АХРАҾА АЕТАП АҾЫ ҨАҦХЬА  АИААИРА  ЛГЕИТ.

Ашәахьа, 21 Цәыббра 2020 15:45 350

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 20202 ш. Аҧсныпресс.  Цәыббрамза 17 инаркны 20 рҟынӡа аҽыбҕаҟазара-спорттә комплекс “Ивановское” аҿы ҽыла аҧынгылақәа рхыҧара (конкур) азы адунеи ахраҿы аетап CSI2*-W мҩаҧысит. Араҟа асезон иалагӡаны “Кваренги” ҳәа зыхьӡу аҽыҩ дақәтәаны аҩынтәраан аиааира лгеит Наталиа Симониа.

 

Аицлабрақәа рымш ахыркәшаратә маршрут аҿы ҩыџьа аҽыбҕаҟазацәа роуп ахараҧсатә кәаҭалақәа рыда амаршрут хада ахысра зылшаз. Наталиа Симониа Кваренги ҳәа зыхьӡу аҽыҩ дақәтәаны 36,28 секунд иалагӡаны аҧынгылақәа рхыҧара лылшеит, иара убри ала аиааирагьы лгеит.  Уи иара убас  иарбоу амаршрут аҿы, аха "Клен” ҳәа захьӡу даҽа ҽыҩк дақәтәаны  ахҧатәи аҭыҧ аанылкылеит.

Мызкы аҧхьа Наталиа Симониеи Кваренги ҳәа зыхьӡу аҽыҩи аҽыбҕаҟазара-спорттә комплекс “Ивановское” аҿы адунеи Ахраҿа даҽа етапк аҿы аиааира ргеит, арҭ аҩ-турнирк рыбжьара урҭ “Аҽыбҕаҟазара-спорттә Комплекс “Отрада” Ахраҿа” агаразы атурнир иалагӡаны 145 см. ирҭагӡоу аконкур азы урыстәылазегьтәи аицлабрақәа рҿы аиааира агара рылшеит.

Аҧсны абҩарҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Џьемал Гәыбаз Наталиа Симониа аиааира лыдиныҳәалеит, аринахысгьы аспорттә еихьӡара дуқәа лзеиҕьаишьеит.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 21 Цәыббра 2020 15:47