Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ЛИУДМИЛА СКОРИК: “ҲАРА АХЫҦХЬАКРА АРЕЖИМ АЗЫ АСПЕЦИАЛИСТЦӘА РАБЖЬГАРАҚӘА ҲАРХАМҴГЫЛАӠЕИТ, ЕГЬЫРҬ АТӘЫЛАҚӘА РҦЫШӘАГЬЫ  АХШЫҨЗЫШЬҬРА  АҲАМҬАӠЕИТ”.  

Ашәахьа, 21 Цәыббра 2020 15:42 405

 

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2020 ш. Аҧсныпресс.  “Аҧсны ауааҧсыра аспециалистцәа рабжьгарақәа иахәҭоу ахаҵгылара ахьарымҭо, ахыҧхьакра арежими 14- мшы ирылагӡоу акарантини ахьынармыгӡо иахҟьаны, акоронавирусттә ҿкы чымазара злаҽыз ауаа рхыҧхьаӡара  еизҳаит”, - ҳәа агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура ахаҭарнакцәа дрыҿцәажәо аҳәамҭа ҟалҵеит Аҧсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

Лиудмила Скорик лажәақәа рыла, “акоронавирусттә ҿкы чымазара COVID-19 азы имаҷны иҭҵаау аинфекциа  ахыҧхьакра амшқәа руак азы ицәырҵыр алшоит; алабораториатә гәаҭара аҳақьымцәа рабжьгарақәа инарықәыршәаны имҩаҧыслароуп".  

«Аҧсны ауааҧсыра зегьы рхылаҧшра азы ҳақьымк-ҳақьымк рзоужьра залыршахарым. Уи зегьы ауаа рыхдырреи рааигәа-сигәа иҟоу ауааҧсыра рҿаҧхьа аҭакҧхықәреи ирыдҳәалоуп", - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Лиудмила Скорик. ​ ​

Атәыла асанитартә ҳақьым хада иара убас аҭаацәа иреиуоу руаӡәк рҿы аковидттә симптомқәа раарҧшраан ашәара аҭахӡам.

“Зегьы раҧхьаӡа иргыланы агәаҽанызаара аарҧштәуп еиҳарак аҭаацәараҿы 65-шықәса иреиҳаны зхыҵуа, мамзаргьы ҷыдала ахылаҧшра зҭаху аинвалид  дыҟазар”, - ҳәа иазгәалҭеит лара.

Акоронавирусттә ҿкы чымазара зыхьуа рыхәышәтәра атәы уҳәозар, уи Урыстәылеи, егьырҭ атәылақәеи рҿы ишымҩаҧысуа еиҧшҵәҟьа Аҧсныгьы имҩаҧысуеит. 

“Ачымазара асимптоматика ала ирхәышәтәуеит: даҽакала иуҳәозар, апациент аҳауа изымхозар, уи аҵәри ирҭоит. Ауаҩы игәабзиара аҭагылазаашьа уадаҩзар, ареанимациатә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧыргоит. Акоронавирусттә ҿкы чымазара захьыз ауаа рыхәшәтәра мҩаҧысуеит ҳаптекақәа зегьы рҿы ирҭиуа ахәшәқәа рыла”, - ҳәа илҳәеит лара.

«Ҳара ахыҧхьакра арежим азы аспециалистцәа рабжьгарақәа ҳархамҵгылаӡеит, егьырҭ атәылақәа ирымоу аҧышәа ахшыҩзышьҭра аҳамҭаӡеит”, - ҳәа акоронавирусттә ҿкы чымазара злаҽыз ауаа рхыҧхьаӡара  аизҳара зыхҟьаз далацәажәо инаҵшьны иазгәалҭеит Лиудмила Скорик.

Уи даҽазныкгьы ахыҧхьакра арежим анагӡараан есыҽны амцашоура ашәареи агәабзиара аҭагылазаашьа ахылаҧшреи хымҧадатәиуп ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.

“Даҽазныхгьы иазгәасҭоит, 14-мыш ирылагӡоу ахыҧхьакра арежим анагӡара хымҧадатәиуп, уи ҭакҧхықәрала азнеира ахәҭоуп”, - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит атәыла асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик. 

 

 

Last modified on Ашәахьа, 21 Цәыббра 2020 15:45