Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Аҧсны акороновирусттә ҿкы чымазара рылаҽит ҳәа игәҩароу арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рхыҧхьаӡара иазҳауеит.

Ашәахьа, 21 Цәыббра 2020 14:38 375

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2020 ш. Аҧсныпресс.  Аманда Касланӡиаҧҳа. Аҧсны акороновирусттә ҿкы чымазара рылаҽит ҳәа игәҩароу арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рхыҧхьаӡара иазҳауеит.

Абри азы Аҧсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит Аҧсны аҵареи абызшәатә политикеи рзы Аминистрра апроесс-маӡаныҟәгаҩ Аслан Кәҭелиа. 

“Иахьазы аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Ҳара есыҽны ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы иҟоу аҭагылазаашьа азы адырра ҳауеит. Рыцҳарас иҟалаз, Аҧсны акороновирусттә ҿкы чымазара рылаҽит ҳәа игәҩароу арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рхыҧхьаӡара иазҳауеит.  Ишышәдырцуа еиҧш, Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 акарантин алагалоуп. Егьырҭ ашколқәа раркра макьаназы иазҧхьагәаҭам. Аха аҭагылазаашьа еицәахар, ари азҵаара Аминистрра аҿаҧхьа иқәыргылахоит, уи аӡбашьагьы ҧшаатәхоит”, - ҳәа иҳәеит Аслан Кәҭелиа.  

Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аҳҭнықалақь ашколқәа рҿы аклассқәа жәпакы акарантин ахь иоушьҭуп:

“Очамчыратәи абжьаратәи ашкол №1 аҿы быжьҩык арҵаҩцәа ахыҧхьакра арежим аҿы иҟоуп, Очамчыратәи абжьаратәи ашкол №2 аҿы актәи, аҧшьбатәи, аҽазыҟаҵаратә классқәа рыҟны арҵаҩцәагьы аҵаҩцәагьы ҩымчыбжь ирылагӡоу акарантин ахь идәықәҵоуп. Раионцыҧхьаӡа ачымазара ҿкы алаҽра иадҳәалоу иҿыцу ахҭысқәа аарҧшуп. Уажәазы ҳара аҭагылазаашьа ахылаҧшра аҭара ҳалшаратәы ҳаҟоуп”.

Адистанциатә ҽазыҟаҵара ахь аиасра атәы акәзар, аҵареи абызшәатә политикеи рзы Аминистрра аҿы уи алацәажәара заацәоуп ҳәа агәаанагара ыҟоуп.

“Агәыҕра ҳамоуп, адистанциатә ҽазыҟаҵара алагалара аҭаххарым ҳәа. Ҳара ас еиҧш аҵара аформа атехникала аума, арҵаҩцәа разыҟаҵара аганахьала аума, ишахәҭоу ала ҳазыҟаҵаӡам. Ҳара иазҧхьагәаҭаны иҳаман адистанциатә ҵара аметодқәа рыла арҵаҩцәа рзы атренингқәа рымҩаҧгара. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны, атәыла аҩныҵҟа иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа алшара ҳанаҭар, ас еиҧш аусмҩаҧгатәқәа еиҿкаахоит”, - ҳәа иҳәеит иара.

Аслан Кәҭелиа иара убас еидкьысларада амцашоура ашәагақәа раахәара иадҳәаланы иҟоу аҭагылазаашьагьы далацәажәеит: “Гагреи Очамчыреи араионқәа рҿы аус зуа ашколқәа зегьы ас еиҧш иҟоу амцашоура ашәагақәа рыла еиқәыршәоуп. Урҭ иҟоуп егьырҭ ашколқәа рыҿгьы.  Аха иахьа ашколқәа зегьы ахыхьчагатә маҭәашьарқәа рыла реиқәыршәара атәы ҳалацәажәозар, урҭ ацхыраара шырҭаху хымҧада иазгәаҭатәуп. Ҳара агәабзиарахьчара Аминистрра адыҧхьаланы ашколқәа раҧхьаӡа иргыланы ирҭаху амаҭәарқәа рзы асиақәеи аусшәҟәқәеи еиқәҳаршәеит. Цәыббрамза анҵәамҭазы ЮНИСЕФ  ақәшаҳаҭрала еидкьысларада амцашоура ашәагақәа, арзҩыдатәратә маҭәашьарқәа, еиуеиҧшым ахыхьчагатә хархәагақәа ҳаураны иҟоуп. Урҭ зегьы ашколқәа ирызшахоит”, - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аслан Кәҭелиа.