Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҞӘАТӘИ АБЖЬАРАТӘИ АШКОЛ №1 АҾЫ ҨЫМЧЫБЖЬ ИРЫЛАГӠОУ АКАРАНТИН РЫЛАҲӘОУП.

Ашәахьа, 21 Цәыббра 2020 14:34 362

 

 Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2020 ш. Аҧсныпресс.  Аҧсны аҵареи абызшәатә политикеи рзы Аминистрра иатәу аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аҿы ҩымчыбжь ирылагӡоу акарантин рылаҳәоуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аминистрра Феисбук аҿы иҟоу адаҟьа.

Ас еиҧш аӡбамҭа рыдыркылеит аӡәырҩы аҵаҩцәа иҳараку рымцашоуреи акоронавирусттә ҿкы чымазара алаҵәара аҧхьырҟәҟәаареи инарымаданы.

Аҵарадырреи абызшәатә политикеи рзы Аминистрра аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи зегьы рахь ахыҧхьакра арежим анагӡареи ҩымчыбжь ирылагӡоу акарантин аан доусы рыҩнқәа рҿы иҟазарц азы ааҧхьара ҟанаҵоит. 

Уаанӡа амассатә информациа ахархәагақәа иҟарҵоз адыррақәа рыла, арҵаҩцәа руаӡк акоронавирусттә ҿкы чымазара лылаҽит. Лара акоронавирусттә ҿкы чымазара инамаданы лчымазара лаҽы аҽарҕәҕәара  иахҟьаны лыҧсҭазаара далҵит.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 21 Цәыббра 2020 14:37