Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Гагра  ақалақь аҿы аусуратә ҭаара мҩаҧигоит. 

Ахаша, 16 Цәыббра 2020 17:16 379

 

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2020 ш. Аҧсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Гагра ақалақь аҿы Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара азы Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны зеиҭашьақәыргылара мҩаҧысуа аобиектқәа дырҭааны игәеиҭеит.

Аслан Бжьаниа апрынц Ольденбургтәи  ихьӡ зху апарк, гагратәи аколоннада, амшын аҧшаҳәа, уҳәа дырҭааит.  

Шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа ахаҭарнакцәа имҩаҧысуа аусурақәа рзы адырра ҟарҵеит.  Апарк ареконструкциа азы аилаӡарақәа зегьы рыхәҧса  - 131 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  Иарбоу аусурақәа рахь иаҵанакуеит аӡыршәқәа рӡеизакырҭақәа, аканалқәа, рырҿыцра, аҵаргәатә ҭыӡқәеи, ӡыла аиқәыршәареи аихшареи рсистемеи реиҭашьақәыргылара. 72 млн мааҭ апарк аҵакыра аҭеиҭыҧш арҽеира иақәхарџьхеит. Шьаҭанкыла ирҿыцхоит апарк арлашара асистема. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны арлашагатә шьаҟақәа шьақәыргылахоит, иара убас ашьаҟамҩақәа зегьы хаҳәцәыла ичаҧахоит.

 

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 17 Цәыббра 2020 17:24