Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Аҧсны акоронавирусттә ҿкы чымазара иахҟьаны быжьҩык рыҧсҭазаара иалҵхьеит. 

Ахаша, 16 Цәыббра 2020 13:26 344

 

Аҟәа. Цәыббрамза 15. Аҧсныпресс.  Цәыббрамза 13 рзы Аҟәа ақалақь аҿы лыҧсҭазаара далҵит акоронавирусттә ҿкы чымазара азы здиагноз шьақәырҕәҕәахаз, аҩны ахәышәтәра иахысуаз, 84 шықәса зхыҵуаз апациентка, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аоперативтә штаб. 

Аҭыҧ ахь иааз ирласу амедицинатә цхыраара абригада аҧсыҧ лагаҩагара ҕәҕәала ауадаҩра шьақәдыргылеит, ашьа аҿы аҵәри аҩаӡара 55-60 процент рҟынӡа инаӡон. Оперативла имҩаҧгаз атерапиа азныказы аҵәри аҩаӡара 72-78 процент рҟынӡа иханагалеит, аха, рыцҳарас иҟалаз, апациентка лыиагара азы аҽазышәарақәа раан иаалырҟьаны ачымазаҩ лгәы аанкылеит. Ареанимациатә усмҩаҧгатәқәа зегьы шымҩаҧгазгьы, апациентка лыҧсҭазаара далҵит.

COVID-19 азы игаз анализ акоронавирусттә ҿкы чымазара азы адиагноз шьақәнарҕәҕәеит.

Аҧсны акоронавирусттә ҿкы чымазара алаҵәара ҟалеижьҭеи зыҧсҭазаара иалҵыз рхыҧхьаӡара быжьҩык рҟынӡа инаӡахьеит. 

 

 

 

Last modified on Ахаша, 16 Цәыббра 2020 13:33