Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Аҧсны агәабзиарахьчара Аминистрра хаҭалатәи аҽыхьчаратә хархәагақәеи амедикаментқәеи раахәаразы ҳазҭоу амыз нҵәаанӡа иаҭаххоит 3 млн мааҭ инарзынаҧшуа.  

Аҩаша, 15 Цәыббра 2020 12:52 315

Аҟәа. Цәыббрамза 15. Аҧсныпресс. Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Цахнакьиа ауааҧсыра акоронавирусттә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Акоординациатә штаб аилатәара аҿы Аҧсны аҩныҵҟа ишьақәгылаза аепидемиологиатә ҭагылазаашьа азы адырра ҟаиҵеит. 

“Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрреи Аҧсны агәабзиарахьчара Аминистрреи рыбжьара иҟоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Аҧсны аус ауеит аа-ҩык рыла ишьақәгылоу урыстәылатәи аҳақьымцәа аҩбатәи абригада. Урҭ рахьынтә ҩыџьа ареаниматологцәоуп. Убри аан, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра ҳаспециалистцәа адистанциатә абжьгарақәа рырҭоит. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҿы иахьазы зынӡа аус руеит 125-ҩык аҳақьымцәа.  

Ҭамаз Цахнакьиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Аҧсны агәабзиарахьчара Аминистрра хаҭалатәи аҽыхьчаратә хархәагақәеи амедикаментқәеи раахәаразы ҳазҭоу амыз нҵәаанӡа иаҭаххоит 3 млн мааҭ инарзынаҧшуа.  Адиагностикатә тестқәа рпартиак ҿарҵахьеит.

Ахәҭакахьала, Аҧсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик Аҧсны COVID-19 актәи ахәҭа еиҳа имарианы ииасит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп ҳәа иазгәалҭеит. Уи лажәақәа рыла, усҟан ичмазаҩхаз рхыҧхьаӡара 38 рҟынӡа акәын иахьынӡанаӡоз.     “Аха ҧхынгәымза 23 инаркны Аҧсныҟа иалагалан иарбоу ачымазара ҿкы алаҽра иадҳәалоу ҩ-хҭыск. (9-мыш рыла иаразнак 54-ҩык ачымазара злаҽыз ауаа аарҧшхеит”.

Лиудмила Скорик амассатә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара азы ақәиҭымзаара алагалареи, аҧсыжратә қьабзқәа рымҩаҧгараан аҧкрақәа ралагалареи, иара убас 75-шықәса зхыҵхьоу аусзуҩцәа зегьы ҽҳәарадатәи аҧсшьарахь рышьҭреи  рзы ажәалагала ҟалҵеит.

 

Last modified on Ахаша, 16 Цәыббра 2020 13:39