Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЦӘЫББРАМЗА 29 РЗЫ ДИОСКУРАА РЫҦШАҲӘА АҾЫ АПОЕТ ҾАРАЦӘА РЕИҦЫЛАРА МҨАҦЫСРАНЫ ИҞОУП

Ахаша, 23 Цәыббра 2020 15:31 440

Аҟәа. Цәыббрамза 23. Аҧсныпресс. Цәыббрамза 29 рзы аҟыбаҩ злоу аҿар адгылара рыҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Диоскураа Рыҧшаҳәа аҿы апоет ҿарацәа реиҧылара мҩаҧысраны иҟоуп, ҳәа иаанацҳауеит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Апоет ҿарацәа рхатәы жәеинраалақәа ирыҧхьоит, абардқәа рашәақәа агитара иацнарыгӡоит. Ҷыдала еиҿкаахо астенд аҿы агәазыҳәара змоу зегьы бзиа ирбо апоезиатә цитата анырҵаратәы аҭагылазаашьа рзаҧҵахоит.

Аиҧылара ахыркәшамҭаз афуршет еиҿкаахоит, иара убас ади-джеи дызлаху амузыкатә қәгыларагьы мҩаҧысуеит.