Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АХАҬАБЗИАРА, АГЬАМА, АЕКОЛОГИАРА: АПЛАТФОРМА «ГӘЫМА» АҾЫ АХШ ИАЛХУ ААЛЫҴ АХӘААХӘҬРАТӘ ЦӘЫРГАҚӘҴА МҨАԤЫСИТ.

Амҽыша, 29 Лаҵара 2022 12:18 116

Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 28 рзы акультура-усуратә платформа «Гәыма» аҿы имҩаԥысит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатәаалыҵтәии ақыҭанхамҩатә аалыҵтәии аиҿкаареи «Еиду-Амилаҭқәа Реиҿкаара-аҳәса» ҳәа изышьҭоу аиҿкаареи имҩаԥнагаз ахәаахәҭратә цәыргақәҵа. Араҟа ицәыргақәҵан иарбоу аиҿкаарақәа  иалаху  иҭрыжьуа ахш иалху афатә аалыҵқәа, урҭ иреиуоуп иаагозар ашә ахкқәа: "качотта", "кашкавал" и "халуми".  Иара убас ицәыргақәҵан ааигәа имҩаԥысыз Н. Б. Ачба ихьӡ зху аԥсуа ҩқәа рконкурс алахәылацәа – иреиӷьу аҩыҟаҵаҩцәа хкы-хкыла рыҩқәа. 

Иазгәаҭатәуп, ицәыргақәҵаз афатә аалыҵ агьама агәаҭара ҟалон.  Иуҳәар алшоит зегьы: ахарҵәы аума, ашәқәа роума, хкыхкыла   аџьанџьыхәа, иара убас алаҳәарҩеи акиви иалху аршьышьи даараӡа ргьама бзиоуп ҳәа.