Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АЛХЫРҬАТӘ ОКРУГ №8 АҾЫ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТ ЕИҬАЛХРАҚӘА МҨАԤЫСУЕИТ.

Амҽыша, 29 Лаҵара 2022 12:46 128

Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Алхырҭатә ҭыԥхада  №8 (Аҟәа ақалақь, Алашарбага аҳабла) аҿы ҩымчыбжь ирхымгакәа   Жәлар Реизара – Апарламент адепутат еиҭалхрақәа мҩаԥысуеит.

Алхратә Комиссиа Хада  аокругу №8 аҿы лаҵарамза 28 рзы имҩаԥгаз  аиҭалхрақәа реихшьаалақәа ҟанаҵеит. Иқәгылаз хә-ҩык акандидатцәа еиҳа абжьқәа роуит:

Нарманиа Наур Геннади-иԥа – 776 бжьы (34,43%),

Гәыбаз Леон Реваз-иԥа – 695 бжьы (30,83%).  

Аокруг №8 аҿы хәажәкырамза 12 рзы имҩаԥысуаз алхрақәа рҿы иқәгылан 7-ҩык Жәлар Реилазар – Апарламент адепутатрахь акандидатцәа. Аҩбатәи атур ахь инаӡеит ҩыџьа акандидатцәа - Леон Гыбази Наур Нарманиеи. Хәажәкырамза 26 рзы иарбоу аокруг аҿы имҩаԥысыз аиҭалхрақәа рҿы акандидатцәа аҩыџьагьы еиҟараны абжьы роуит – 989, убри аҟнытә алхрақәа зымҩаԥымсӡеит ҳәа иԥхьаӡахеит. 

Last modified on Аԥшьаша, 09 Рашәара 2022 11:41