Поиск по слову

Категории

Календарь

« Хәажәкыр 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31

ЖӘЕИЗА ШЫҚӘСА РАԤХЬА ИԤСҬАЗААРА ДАЛҴИТ АԤСНЫ АҨБАТӘИ АХАДА СЕРГЕИ БАГАԤШЬ.

Амҽыша, 29 Лаҵара 2022 13:40 134

Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь  иԥсҭазаара даналҵ амш жәеиза шықәса ахыҵит ( хәажәкырамза 4, 1949 шықәса лаҵарамза – 29, 2011 шықәса).

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭа даҭааит. Уи  Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Ацеремониа рхы аладырхәит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы  Лаша Ашәба, ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра ахаҭаранакцәа.

Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь Москва ақалақь, Урыстәыла Афедералтә биологиатә Агентра иатәу 83-тәи аклиникатә хәышәтәырҭа аҿы  ирыԥҳа аҿы аԥҟара анымҩԥгаха ашьҭахь, лаҵарамза 29, 2011 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит. Усҟан уи 63 шықәса ихыҵуан.  Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь анышә дамадоуп Очамчыра араион иқыҭа гәакьа Џьгьарда. Араҟа иара убас анышә иамадоуп иани иаби.