Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИХАҬЫԤУАҨ БАДРА ГӘЫНБА ЦХЬЫНВАЛ АҚАЛАҚЬ АҾЫ ДИԤЫЛЕИТ ААХЫҴ УАԤСТӘЫЛА ИҞОУ АԤСНЫ АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ АЛАН ЕЛБАКИЕВ.

Аҩаша, 24 Лаҵара 2022 18:09 52

Аҟәа. Лаҵарамза  24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аахыҵ Уаԥстәылаҟа авизит амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ  Бадра Гәынба лаҵарамза 24 рзы Цхьынвал ақалақь аҿы иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит. Уи Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев диԥылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Алан Елбакиев Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ изеиҭеиҳәеит адипломатиатә миссиа атәы. Ахәҭакахьала, Бадра Гәынба Ацҳаражәҳәаҩи уи иколлегацәеи русура аҿы ақәҿиарақәа рзеиӷьаишьеит.

Бадра Гәынбеи Алан Елбакиеви Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи анаҩстәи русеицура аперспективақәа ирылацәажәеит.