Поиск по слову

Категории

Календарь

« Хәажәкыр 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31

БАДРА ГӘЫНБА ААХЫҴ УАԤСТӘЫЛА АХАДАС ИАЛХЫЗ АЛАН ГАГЛОВ ИНАУГУРАЦИА ИХЫ АЛАИРХӘУЕИТ.

Аҩаша, 24 Лаҵара 2022 12:37 54

Аҟәа. Лаҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аахыҵ Уаԥстәыла Ахадас иалырхыз Алан Гаглоев инаугурациа ихы алаирхәуеит.

Аинаугурациа иазку ацеремониа аҿы Бадра  Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟынтәи адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит.   

«Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа, Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада имаҵураҭыԥ аофициалла ахагылара шәыдысныҳәалоит.

Алхрақәа рылҵшәақәа – ари Ареспублика ажәлар Шәара иалышәхыз акурс адгылара шарҭо арҵабыргуеит. Агәра ганы сыҟоуп, Аҳәынҭқарра Ахада имаҵураҭыԥ аҿы шәара атәыла арӷәӷәара, атәылауаа реизҳазыӷьара ишазкхо.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. Ҳара ҳаиашьаратә жәларқәа акыр аԥышәарақәа ирхысит.

Агәра ганы сыҟоуп Шәара шәнапхгарала ҳара ҳҳәынҭқаррабжьаратәи аусеицура еиҳа ишыҿиало, ҳтәылақәа рыжәларқәа реизҳазыӷьара иазырхоу апотенциал аизырҳара шалыршахо.

Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа, гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика аҿиареи аҭакзыԥхықә усураҿы ақәҿиарақәеи.