Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АПАРЛАМЕНТ АХЬ ИНАШЬҬУП АУАҨЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗИНМЧЫ ЗМОУ ИУСУРА АЗЫ ЕСЫШЫҚӘСАТӘИ АЖӘАХӘ.

Аҩаша, 17 Лаҵара 2022 19:17 206

Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Асида ШЬаҟрылԥҳа дидикылеит.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Асида Шьаҟрыл Апарламент Аиҳабы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмы змоу Аусбарҭа 2021 шықәсазы аусура азы аҳасабырбатә ажәахә идылгалеит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы ауаҩы изинқәа рыхьчара азы Азинмчы змоу изы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 19 инақәыршәаны, ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу иусуразы ажәахә Жәлар Реизара-Апарламент ахь идәықәҵахоит.

Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу лусура азы есышықәсатәи ажәахә Апарламент изаамҭанытәиу аилатәара аҿы иахәаԥшраны иҟоуп.

 

 

Last modified on Амҽыша, 29 Лаҵара 2022 19:47