Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АПАРЛАМЕНТ АҾЫ 1992–1993 ШШ. АԤСНЫ АЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА АВЕТЕРАНЦӘА АТӘАНЧАХӘЫ РЫЗШӘАРА АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҩаша, 17 Лаҵара 2022 19:40 213

Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Апарламент аҿы, аҩаша, лаҵарамза  17 азы асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьбеи аҳәса –аветеранцәа реиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара мҩаԥыргеит асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Рашида Аибеи атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиеи.

Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа агәҭынчымра рызцәырызго апроблемақәа ирылацәажәеит, ахәҭакахьала урҭ атәанчахәқәа рыла реиқәыршәара иадҳәалоу азҵаарақәа.

Last modified on Амҽыша, 29 Лаҵара 2022 19:58