Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АԤСНИ КРАСНОДАРТӘИ АТӘЫЛАҾАЦӘИ РЫБЖЬАРА 2022 – 2024 ШШ. АУСЕИЦУРА АПРОГРАММА ШЬАҚӘНАРӶӘӶӘЕИТ.

Аԥшьаша, 28 Мшаҧы 2022 13:51 79

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Ԥхынгәымза 28, 2009 шықәсазы иаԥҵаз «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Краснодартәи атәылаҿацә Ахадареи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, агуманитартәи акультуратәи усеицура азы Аиқәшаҳаҭра» анагӡара азы  2022-2024 шш. аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма рыдыркылеит мшаԥымза  28 азы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы.  

Апрограмма иалалеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа: адәныҟаекономикатә усура, атуризм, акультура, аекологиа, уҳәа рыла аҩганк ақәыршаҳаҭны иалкаахаз 10 инареиҳаны аусмҩаԥгатәқәа.

Апрограмма иазԥхьагәанаҭоит Аҟәа ақалақь аҿы Краснодартәи атәылаҿацә акультура-усуратә  центр аартра.  Ацентр аартра азы ажәалагала ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахь инашьҭуп.

Last modified on Амҽыша, 01 Лаҵара 2022 18:20