Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТР ЕДУАРД БЫҬӘБА ИРЛАСУ АМЕДИЦИНАТӘ ЦХЫРААРА АУСЗУҨЦӘА РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА РЫДИНАҲӘАЛЕИТ.

Аԥшьаша, 28 Мшаҧы 2022 16:28 98

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ирласу амедицинатә цхыраара астанциа даҭааит. Аминистр уи аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

«Шәара мҽхакы ҭбаала аусура нашәыгӡоит. Уахи-ҽни ааԥсарак ҟамҵаӡакәа ҳауаажәлар рыԥсҭзаара аиқәырхара шәнапы алакуп. Еиҳарак ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп ҳтәыла азы акыр иуадаҩыз акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа аамҭахәҭа азы инашә́ыгӡаз аусура. Ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит, апациентцәа зегьы ианаамҭоу, зыҩаӡара ҳараку амедицинатә цхыраара роулааит. Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит ирласу амедицинатә цхыраара аусзуҩ имш!» - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

Ирласу амедицинатә цхыраара астанциа аҳақьым хада Аслан Џьопуа аминистр иҟаиҵаз адныҳәалара азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит. Уи напхгара зиҭо аколлектив дрызгәдууп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара аринахысгьы ааԥсарак ҟамҵа ҳауаажәлар ацхыраара рыҭара ҳазхиоуп», -   ҳәа иҳәеит Аслан Џьопуа.

Ҩы-шықәса ирылагӡаны Аԥсны иҟаз акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа аан Аҟәатәи ирласу амедицинатә цхыраара астанциа амчқәа рыла 18 нызықь инарзынаԥшуа ачымазцәа рахь анеира алыршахеит.

 

 

Last modified on Амҽыша, 01 Лаҵара 2022 18:44