Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АԤСНИ ШЬАМТӘЫЛЕИ РЫБЖЬАРА АИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА РЫҾИАРА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА РЗЫ АӠБАМҬАҚӘА РЫДЫРКЫЛЕИТ.

Аԥшьаша, 28 Мшаҧы 2022 12:54 79

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 28  рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аполитикатә консультациақәа, акультура, абҩарҵәыреи аспорти русхкқәа рҿы аизыҟазаашьақәа рыҿиара, иара убас аҳазылхратә усура аҿы аусеицуреи аицхыраареи, иарбоу аҩ-ҳәынҭқаррак рҳазылхратә структурақәа рыбжьара адыррақәа реимадара аиҿкаара азы аӡбамҭақәа рыдыркылеит.

Аминистрцәа Реилазаара аҿы «Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Шьамтәылатәи Арабтә Республика адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи рыбжьара аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзы аполитикатә консультациақәа рганахьала аилибакаара азы Амеморандум» апроект шьақәдырӷәӷәеит.  Амеморандум апроект адгалара мҩаԥигеит  атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ  Иракли Ҭыжәба.  «Иарбоу аусшәҟәы Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара адәныҟаполитикатә хылаԥшырҭақәа рыҩаӡараҿы аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иацхраауеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Атәыла анапхгара  «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилаки  абҩарҵәыреи аспорти русхкы аҿы аусеицуразы Шьамтәылатәи Арабтә Республика Азеиԥш спорттә Федерациеи рыбжьара аилибакаара азы Амеморандум» апроект рыдыркылеит.  

Атәыла анапхгара Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи рыбжьара аусеицура азы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра азы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара азы Ақәҵара рыдыркылеит.

Аминистрцәа Реилазаара Аҳәынҭқарра Ахада идыргалараны иҟоуп «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи рыбжьара аҳазылхратә  усура аҿы  аусеицуреи аидгылареи рзы Аиқәшаҳаҭра» абжьаҵара азы ажәалагалақәа.

Иара убас Ақәҵара рыдыркылеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә Еилаки Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҳазылхратә усбарҭа Хадеи рыбжьара аусшәҟәқәеи аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара  ииагахо атауарқәа рҳазылхратә хәыԥса азы адырранҵақәеи реимадара азы Аԥкаанҵа» анапаҵыҩра азы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара азы Ақәҵара.   

Ишьақәырӷәӷәоуп иара убас «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә Еилаки Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҳазылхратә усбарҭа Хадеи рыбжьара аҩганктәи ахәаахәҭра азы астатистикатә рбагақәа реимадара азы Амеморандум» апроект.

Last modified on Амҽыша, 01 Лаҵара 2022 18:02