Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРА АУСЗУҨЦӘЕИ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АҲӘААХЬЧАҨЦӘЕИ 250 – ҨЫК ИНАРЗЫНԤШУА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲӘАА ЕИЛАЗГАЗ РААНКЫЛАРА РЫЛДЫРШЕИТ.

Аҩаша, 26 Мшаҧы 2022 11:59 60

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  2022 шықәса I аԥшьбара иалагӡаны Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аусзуҩцәеи 250 – ҩык инареиҳаны Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа еилазгаз раанкылара рылдыршеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура аофициалтә саит.

 «Аҳәаахьчаратә режим аилагара азы»   Аԥсны Аҳәынҭқарра административ-зинтә еилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 190, «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа арежим аилагара азы» ахәҭаҷ  190.1., «Ареспублика Аԥсны амшынтә ҵакыреи аҩныҵҟатәи амшынтә ӡқәеи рҿы аҳәаатә режим аилагараазы»  ахәҭаҷ 190.2., «Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара азы зуалԥшьа назыгӡо аруаҩ  иҳәатәы ацымныҟәареи азакәантә дҵаҟаҵара анамыгӡареи рзы» ахәҭаҷ 190.4. инарықәыршәаны, иаанкылоу ауаа административтә хьырхәра иақәыршәоуп.  

«Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа ахысра азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  324, 1-тәи аҟәша инақәыршәаны ашьауӷатә усеилыргарақәа ҩба хацыркуп.

Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ала изакәанымкәа атауар ахгара азы жәаба инарзынаԥшуа аҽазышәарақәа рыԥхьырҟәҟәаара алыршоуп. Ирымхуп 1 900 блок рҟынӡа аҭаҭын аалыҵ. Уи ахәԥса 700 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Изакәаным ари аусура иалахәызи еиҿызкаауази рганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны азинтә уснагӡатәқәа мҩаԥгоуп.

 

 

Last modified on Ахәаша, 29 Мшаҧы 2022 09:54