Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ ԤЫХЬАТӘИ АКУЛЬТУРА АМИНИСТР ГӘЫДИСА АГРБА РАШӘАРАМЗА 19 АҞЫНӠА ДААНКЫЛОУП.

Аҩаша, 26 Мшаҧы 2022 21:21 96

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 22, 2022 шықәса рзы Аҟәатәи ақалақьтә Ӡбарҭа ахь Апрокуратура Хада аусеилыргаратә усбарҭа аусеилыргаратә ҟәша аусеилыргаҩ еиҳабы Ҭаркьыл  А.Б. иҟынтәи  атәыла ԥыхьатәи акультура аминистр Гәыдиса Агрбеи Надир Џьынџьали раанкылара азы азыҳәамҭа нашьҭын.  

Заанаҵтәи  аусеилыргара аусбарҭақәа рыла Гәдиса Агрба  Аԥсны  Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  157, ахәҭа 3, ахәҭаҷ 157, ахәҭа 4 (игәҩароу игәраганы инапы ианҵаз атәым мазара атәтәра, мамзаргьы изакәнымкәа аныхреи, даҽакала иуҳәозар, аҳәынҭқарратә мазара аимҵәара) инарықәыршәаны ацәгьоура анагӡара аҿы дыгәҩароуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

Мшаԥымза 26, 2022 шықәса рзы Аҟәатәи ақалақьтә Ӡбарҭа аӡбаҩ Асҭамыр Тәанба,  Апрокуратура Хада аусеилыргаратә усбарҭа аусеилыргаратә ҟәша аусеилыргаҩ еиҳабы Ҭаркьыл  А.Б.  иааишьҭыз азыҳәамҭа данахәаԥш ашьҭахь, уи дақәшаҳаҭханы, Аԥсны ԥыхьатәи акультура аминистр Гәыдиса Агрба рашәарамза 19, 2022 шықәса аҟынӡа иаанкылара азы аӡбамҭа идикылеит. Последнее изменение Среда, 27 апреля 2022 10:25.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/item/7619-eks-ministr-kultury-gudisa-agrba-zaklyuchen-pod-strazhu-do-19-iyunya.

© АПСНЫПРЕСС

Last modified on Ахәаша, 29 Мшаҧы 2022 10:37