Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АОПЕРАТИВТӘ ШТАБ: COVID-19 АЗЫ АДИАГНОЗ 4-ҨЫК РҾЫ ИШЬАҚӘЫРГЫЛОУП.

Аҩаша, 26 Мшаҧы 2022 20:49 99

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы иаԥҵоу аоперативтә Штаб иҟанаҵо адыррақәа рыла, мшаԥымза 26 рзы алабораториатә гәаҭара иахысит 85 – ҩык,  урҭ рахьынтә COVID-19 азы адиагноз  4-ҩык рҿы ишьақәырӷәӷәахеит.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы  астационартә хәышәтәра иахысуеит 3 - ҩык апациентцәа. Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы иаԥҵоу аоперативтә Штаб аӡбамҭа инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр иҟаиҵаз Адҵа ала,  аковидтә ҟәшақәа аркуп Аҟәатәи аачымазара ҿыкқәа рыхәышәтәырҭа, иара убас Гагратәи, Очамчыратәи, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хадақәа рҿы.

Иахьзы Аԥсны акоронавирустә ҿкы чымазара захьыз ауаа рхыԥхьаӡара 53608 – ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Апандемиа аналага инаркны ашәҟәы иҭагалан 683-ҩык зыԥсҭазаара иалҵыз.

Ргәы бзиахеит 52 922 - ҩык. 

Аоперативтә Штаб аӡбамҭа ала, уажәшьҭарнахыс ари ачымазара ҿкы злаҽызи згәы бзиахази рзы адыррақәа  мчыбжьык ахь знык – амҽышала икьаԥхьхоит.

Last modified on Ахәаша, 29 Мшаҧы 2022 09:27