Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ДӘРЫԤШЬ АҚЫҬАН АНЫХАБАА ЕИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАХОИТ.

Аԥшьаша, 17 Хәажәкыр 2022 16:54 962

Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан аиашахаҵаратә уахәама аиҭашьақәыргылара иазкын иахьа атәыла аԥыза-министр иҟны имҩаԥысыз Алеқсандр Анқәаби ареставрациатә усурақәа раԥшьгаҩы, адинмаҵзуҩы аб Гавриили (Виноградов-Лакербаиа реиԥылара.

Аиԥылара рхы аладырхәит акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр, аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхара азы акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Гарри Сангәылиа, аҟазараҭҵааҩы, археолог Сурам Сақаниа.

Алеқсандр Анқәаб Аԥааимбар Михаил  ихьӡ зху Дәраԥшьтәи аныхабаа аиҭашьақәыргылара азы аидеиа дадгылеит, убри аан уи, ари азҵаара уаанӡагьы ишьҭырххьан ҳәа иазгәеиҭеит. Уажәы архитектуратә ӡбамҭақәак цқьа аилкаара мҩаԥысуеит, урҭ, аԥыза-министри аспециалистцәеи ргәаанагарала, ашәышықәсақәа рыла Аԥсны ишьақәгылаз ауахәаматә ргылара атрадициақәа рныԥшуазароуп.

Аиԥылара иалахәыз аилибакаара рыбжьалеит аринахысгьы аусеицура ацҵаразы еиқәшаҳаҭхеит.

«Ареставрациатә усурақәа рымҩаԥгара ахәҭоуп ареспублика аҿы хыԥхьаӡара рацәала иҟоу ақьырсиатә культтә ргыларақәа рҿы. Убри аҟнытә ас еиԥш иҟоу апроблемақәа профессионалла рызнеира акырӡа аҵанакуеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит  Алеқсандр Анқәаб.

Аԥыза-министр атәыла Анапхгара иарбоу азҵаарақәа рҿы ацхыраара аҟаҵара иазхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 17 Хәажәкыр 2022 19:56