Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АХӘААХӘҬРА-ААГЛЫХРАТӘ ПАЛАТА АԤҴОИЖЬҬЕИ 20 ШЫҚӘСА АХЫҴРА АМШ ИНАМАДАНЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАИҴЕИТ.

Ахәаша, 18 Хәажәкыр 2022 11:11 984

Аҟәа. Хәажәкырамза  18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аԥҵоижьҭеи 20 шықәса ахыҵра амш инамаданы уи Ахада лыхьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит.

«Ҳаҭыр зқәу Ҭамила Валери-иԥҳа!

Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аԥҵоижьҭеи  20 шықәса ахыҵра амш. 

Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аусура аҵак ҷыда змоу, хшыҩзышьҭра ззутәу акоуп. Шәара аԥсуа наплакыҩцәа ринтересқәа ӡырыжәгоит, ҳтәыла ахьӡ-аԥша аҳәаанырцәтәи атәылақәа ирылашәырҵәоит, аустә хыԥша бзиа ашьақәыргыларазы аҭагылазаашьақәа аԥышәҵоит.

Иахьа, шәара Ахәаахәҭра-Аглыхратә Палата ашьаҭаркҩы, раԥхьатәи ахада Геннади Леонид –иԥа Гагәылиа иаԥиҵаз атрадициақәа еихаҳауа иаажәгоит.

Геннади Гагәылиа ихаан Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата жәларбжьаратәи аҩаӡара  аҟынӡа ишьҭыхын. Аиҿкаара аҿиареи апозициа арӷәӷәареи рыҟны уи илагаламҭа ахә ашьара уадаҩуп. Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аусура аҵакы дуӡӡоуп ҳара ҳтәылазы, избанзар шәара ишәылшеит ҳахьӡ адунеи аларҵәара.

Ареспублика жәларбжьаратәи азхаҵара аиуаанӡа, Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата имҩаԥнагоз аусура, еиуеиԥшым жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа, иара убас егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа рыҽрылархәрала Аԥсны, уи акультуреи аекономикеи, ҳтәыла иҭнажьуеи рзы аинформациа аларҵәара иаҿын. Ҳара еилаҳкаауеит ари ахьынӡауадаҩыз. Иахьагьы шәусураҟны ишәԥыло ауадаҩрақәа маҷӡам. 

ААП урҭ ашықәсқәа рзы, ҳәарада, Аԥсны ахаҿра, ахьӡ-аԥша ашьҭыхра, уи аустә еимадарақәа рымҽхак арҭбаара аус аҟны ароль дуӡӡа нанагӡеит. Иахьагьы актуалра, иамоу аҵакы мыӡӡеит Апалата абри аганахьала имҩаԥнаго аусура.

Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата иҟанаҵо зегьы, иамоу аихьӡарақәа алыршахаӡомызт аколлектив еиқәшәаны имҩаԥырго аусура акәымзар. Иазгәасҭарц сҭахуп зус гәыкала иазыҟоу ААП аусзуҩцәа реидгылара, рыпрофессионаллизм.

Ҳаҭыр зқәу Тамила Валери-иԥҳа, абри аныҳәамш аҽны Шәара аԥхьа шәнаргыланы, шәколлектив зегьы нашәываргыланы ишәзеиӷьасшьоит иазԥхьагәаҭоу шәусқәа рынагӡара, аизҳазыӷьара!» 

 

 

 

Last modified on Ахәаша, 18 Хәажәкыр 2022 17:41