Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ АВТОМҨАТӘ НЫҞӘАРА АИҾКААРА ИАДҲӘАЛОУ АПРОБЛЕМАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аԥшьаша, 17 Хәажәкыр 2022 16:27 909

Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны амҩадуқәа рҿы автомҩатә ныҟәара аиҿкаара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкын иахьа аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҟны имҩаԥысыз аусуратә еилатәара.

Аусуратә еилатәара аҿы амҩақәа рҭагылазаашьа, арлашара, амҩатә дыргақәа рышьақәыргылара, амашьына аласра аларҟәра иазу ашьақәгылагақәа рышьҭаҵара, амҩаҿы ымашәыртә хҭысқәа рхыԥхьаӡара армаҷра, амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа рықәныҟәара, аиҭашьқәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара, амҩатә цәаҳәақәа ррыцқьара, уҳәа азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.   

Аԥыза-министр аекономика аминистр иахәҭоу ахылаԥырҭақәа зегьы адыԥхьаланы иҟоу апроблемақәа рылацәажәареи,  аҳәынҭқарра иамоу алшарақәа ҳасаб азуны урҭ рыӡбаразы амҩақәа рыԥшаареи алыршаразы  анапынҵа лиҭеит.

Аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-аминистр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсныавтомҩа» адиректор Хада Михаил Логәуа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амҩатә Фонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали  Ҵәыџьба,  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа анапхгаҩы Баҭал  Агрба.

Last modified on Аԥшьаша, 17 Хәажәкыр 2022 19:34