Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ИНАЛ ГАБЛИА I УРЫСТӘЫЛАЗЕГЬТӘИ АФОРУМ «АПЕДГОГИКАТӘ ҴАРА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АКЛАССИКАТӘ УНИВЕРСИТЕТ АҾЫ» ИХЫ АЛАИРХӘУЕИТ.

Аԥшьаша, 17 Хәажәкыр 2022 13:04 608

Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа Урыстәылатәи аҵарадырра Академиа ааԥхьарала  ихы алаирхәуеит хәажәкырамза 17-18, 2022 шықәса рзы УАА абаза аҿы имҩаԥысуа «Апедагогикатә ҵара Урыстәылатәи аклассикатә университет аҿы» ҳәа хыс измоу I Урыстәылазегьтәи Афорум.

Афорум ахықәкы хаданы иҟоуп Урыстәылеи Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызареи рҿы апедагогикатә ҵарадырра ихадоу ахырхарҭақәа ралкаара, уи аклассикатә университетқәа рыструктура аҿы иааннакыло аҭыԥи инанагӡо ароли, акадрқәа разыҟаҵара, ихадоу аԥышәатә проблемақәеи аинновациатә тенденциақәеи иаԥхьанеиуа асистема аҳасабала уи ашьақәгылара, уҳәа алацәажәара.

 

Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп:  Гобечиа Т.З. – Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵарадырреи абызшәатә политикеи рминистр ицхырааҩ; Гындиа Т.Д. – Очамчыра араион аҵараҟәша аиҳабы; Габлиа Д.Ф. – Гәылрыԥшь араион аҵараҟәша аиҳабы; Ҳаразиа А.В. – Гәдоуҭа араион аҵараҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо; Кәытелиа А.Е. – ауаажәларра рымадара азы Аминистрра аҟәша аиҳабы.

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 17 Хәажәкыр 2022 15:47