Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ АУААԤСЫРА РЗЫ ИРМАРИОУ АФОРМАЛА Ҩ-ТӘЫЛАУАҨРАК АУИРАЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА АНАПАҴЫҨРАЗЫ АИҚӘЫРШӘАРА МҨАԤЫСУЕИТ.

Аԥшьаша, 17 Хәажәкыр 2022 11:18 640

Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсны ауааԥсыра рзы ирмариоу аформала ҩ-тәылауаҩрак аиуразы аиқәшаҳаҭра анапы шаҵаҩхо азы аҳәамҭа ҟанаҵеит.

Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥснытәи атәылауаа ирмариоу аформала Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы арзаҳал аҩра рылшоит. Урыстәыла атәылауаҩрахь рыдкылара аҭагылазаашьақәа ҳәаақәҵахоит Урыстәыла ахада Владимир Путин иӡбрала.

Ирмариоу атәылауаҩра иоура ганктәны иҟоуп. Урыстәыла атәылауаа Аԥсны атәылауаҩра ирмарианы ироуам. Аиқәшаҳаҭра аԥснытәи атәылауаҩра азеиԥш ҟазшьала еиԥш ирмариоу аҟазшьалагьы аиура аԥҟара аԥсахуам. Аҩҳәынҭқаррак ртәылауаҩра змоу ахаҿқәа иааиԥмырҟьаӡакәа иахьынхо аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны асоциалтәи, амедицинатәи маҵзура, аҵарадырра роур рылшоит.

Арра зхызгар зыхәҭоу, ҩ-тәылауаҩрак змоу ахаҿқәа аррамаҵзура иахысроуп иааиԥмырҟьаӡакәа иахьынхо атәылаҿы. Атәылауаҩ аррамаҵзура дахысхьазар, егьи атәылаҿы аррамаҵзура иахысра ахәҭам.

Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны абри аҭагылазаашьа азԥхьагәаҭоуп: аҩҳәынҭқаррак ртәылауаҩ, атәылақәа руак адипломатиатә еизыҟазаашьа ззамоу атәылаҿы инеираан азин имоуп уи аҳәынҭқарра адипломатиатәии аконсултәии усҳәарҭақәа ирырҭо ахьчара иоурц.

Аиқәшаҳаҭра Урыстәылатәи Афедерациа ақәшаҳаҭра ашьҭахь Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапы аҵанаҩуеит.

 

Last modified on Аԥшьаша, 17 Хәажәкыр 2022 15:27