Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АФЫРХАЦӘА РЫХЬӠ КАШӘАРА АҚӘЫМ: ЕШЫРА АҚЫҬАН МАРТТӘИ АЖӘЫЛАРАҾЫ ИҬАХАЗ АИБАШЬЦӘА РГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.

Аԥшьаша, 17 Хәажәкыр 2022 10:59 625

Аҟәа. Хәжәкырамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ахәылбыҽха, хәажәкырамза 16 рзы, Аҟәа араион Ешыра ақыҭан 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз марттәи ажәылара аҿы иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара иазкыз акциа мҩаԥысит.

Аҟәа араион Ахадареи Ешыратәи арратә ахьӡ-аԥша амузеи русзуҩцәа, иара убас  Ешыратәи абжьаратәи ашкол аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәеи ақыҭа аҿари 800 инарзынаԥшуа ацәашьқәа адыркит. Ацәашьқәа аладатәи Гәымсҭатәи ацҳа иаваршәны ицо амҩа ахықәи, иара убас Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба имемориал аҿаԥхьеи идыргылеит.

Амузеи адиректор Марина Тәанба лажәақәа рыла, агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа есышықәса имҩаԥгахоит.

Ахьҭеи аԥшасреи шыҟазгьы аҿар ацәашьқәа адыркуан, урҭ мыцәарц иахылаԥшуан.

«Аԥсадгьыл афырхацәа ҳаҭырла ргәалашәара хымԥадатәиуп. Уи аҿар ируалԥшьаны иҟоуп. Ҳара ара иахьа ҳгыларатәы ҳҟазҵаз ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥлшымреи зхы ақәызҵаз ҳаибашьцәа роуп», - ҳәа иҳәеит Ешыратәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Мурад Ачугба.

**** Хәажәкырамза 15, 1993 шықәса рзы аԥсуа архәҭақәа Гәымсҭа  аӡиас ирны Аԥсны аҳҭнықалақь азааигəара астратегиатə ҵакы змаз аҳаракырақəа рнапаҟны иааргеит, гəыԥқəак ақалақь агəы алаларагьы рылшеит.

Аибашьра зхызгаз аԥсуа еибашьцәа ишазгәарҭо ала, Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз марттәи ажәылара зегьы раасҭа иуадаҩыз операциан. Амотохысратә архәҭақәа Гәымсҭа аӡиас ирны, аҳауантәии еиԥш амшынынтәии ацхыраара рыманы аӷа раԥхьатәи ихыхьчаратә цәҳәа иахысны, анаҩс Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иацырҵарц азы ахыдҵа рыман. Хаха-хымш аԥсуа еибашьцәа агәымшәареи афырхаҵареи аарԥшны ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа иреибашьуан, ирылшоз ала ихәыз рҩызцәа Ачадара ақыҭантәи ралгара рҽазыршәон. Аха, рыцҳарас иҟалаз, хәажәкыра  15-16 ауха иалагаз ажәыларатә операциа ахықəкы азынамыгӡеит, ҳаибашьцəа иаарыкәшаны итәеит ҳаӷацәа. Ишьаарҵәыраз аидысларақәа рышьҭахь, хәажәкырамза 17,18 рзы ҳархәҭақәа ихьаҵыр акəхеит.

Ари ажəылараҿы иҭахеит 222-ҩык ҳаибашьцəа, шəҩыла ахəрақəа роуит,  иара убас 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.

Источник: https://apsnypress.info/ru/item/7166-vechnaya-pamyat-geroyam-v-sele-eshera-pochtili-pamyat-pavshikh-v-martovskom-nastuplenii.

© АПСНЫПРЕСС.

Last modified on Аԥшьаша, 17 Хәажәкыр 2022 14:59