Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМУЗЫКА УАХӘШӘТӘУЕИТ: АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ФИЛАРМОНИА АҾЫ ИҬАХАЗ АԤСНЫ АХЬЧАҨЦӘА РГӘАЛАШӘАРА ИАЗКНЫ АКОНЦЕРТ–РЕКВИЕМ МҨАԤЫСИТ.

Ахаша, 16 Хәажәкыр 2022 21:19 529

Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысит есышықәса еиҿкаахо  «1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа ргәалашәара азы» аконцерт. Традициала ишаԥу еиԥш, уи 1993 шықәса рзы ҳтәыла аҳҭнықалақь агаразы имҩаԥгаз, 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз марттәи ажәылара атрагетиатә хҭысқәа ирызкуп.

Агәалашәаратә хәылԥазы рхы аладырхәит Р.Гәынба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистцәа: Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистка  Асида Шьакаиа (сопрано), Елена Анқәаб (сопрано), Нана Черқьезиа (сопрано), Альдона Ҵкәуа (сопрано), Ныгәзар Какалиа (баритон), Алхас Ферзба (бас), Асҭанда Џьыкырба (фортепиано), иара убас Челиабинтәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистцәа.  

Аконцерт аҿы инагӡан Бах, Гендель, Праиснер, Килиар, Вилла Лобос, Рахманинов, Гомес, Масканьи, Вавилов, Шуман, уҳәа адунеи аҿы еицырдыруа акомпозиторцәа рырҿиамҭақәа.  

Раԥхьаӡа акәны сценк аҿы авокалистцәа инарывагыланы Лиолиа Тәанба, Рушьбеи Смыр, Рауль Лашәриа ражәеинралақәа ирыԥхьеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿар ртиатр артистцәа: Альдона Адлеиба, Лана Гергиа, Есма Шуген, Ахра Кәарҷиа, Мдар Сақаниа.

«1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәалашәара азы» аконцерт  2015 шықәса раахыс есышықәса имҩаԥысуеит. Апроект авторс дамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Зҽаԥсазтәыз артистка, Р.Гәынба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа  асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьениа.

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 17 Хәажәкыр 2022 10:31