Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АЛЕҚСЕИ ДВИНИАНИН АԤСНЫ ИҞОУ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ ИМАҴУРАҬЫԤ АҞЫНТӘИ ИХЫ ДАҚӘИҬТӘУП.

Аԥшьаша, 17 Хәажәкыр 2022 16:08 807

Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2022. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин иҭижьыз Ақәҵарала Алеқсеи Двинианин Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Абри атәы аанацҳауеит азинтә информациа аинтернет-портал.

Алеқсеи Двинианин Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан хәажәкырамза  30, 2018 шықәса рзы. Уаанӡа ари амаҵураҭыԥ ааникылон Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев.  

Алеқсеи Двинианин Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩыс дҟалаанӡа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара  иалоу атәылақәа аԥшьбатәи адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ имаҵураҭыԥ ааникылон. (2009 – 2018 гг). 2011 шықәса инаркны 2018 шықәсанӡа уи иара убас Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи  аҭышәынтәалареи рышьақәыргыларазы Женеватәи адискуссиақәа рҿы урыстәылатәи аделегациа ахада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит адыррақәа рыла, ԥхынҷкәынмза 15 рзы Алеқсаи Двинианин имиссиа хыркәшаны Москваҟа дхынҳәит.  Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа аусқәа рзы аамҭала агәрагас дҟаҵоуп  Максим Литвинов.

Last modified on Аԥшьаша, 17 Хәажәкыр 2022 18:28