Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ИРИНА АНУА АПСИХИАТРИАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҲАҚЬЫМ ХАДАС ДҞАҴОУП.

Ахаша, 16 Хәажәкыр 2022 15:47 255

Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ирина Ануа иҷыдоу Ареспубликатә психиатриатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада имаҵураҭыԥ аҿы дшьақәирӷәӷәеит.

Абри азы иарбоу амедицинатә усбарҭа аколлектив адырра риҭеит Едуард Ԥлиа.

«Ирина Михаил-иԥҳа уажәаԥхьагьы ари ахәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа налыгӡон, шәаргьы  уи ибзиаӡаны дыжәдыруеит.  Ахәышәтәырҭа аҿы иҟоуп азҵаарақәа ҳаилаланы иҳаӡбаша. Атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра иахәҭоу ацхыраара ҟанаҵоит, уи аринахысгьы иацнаҵоит»,- ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.

Ахәҭакахьала, Ирина Ануа илоуз агәрагара азы иҭабуп ҳәа лҳәеит.

«Раԥхьаӡа иргыланы ари аколлектив зегьы акомандатә усуроуп, аӡәаӡәала ари иҷыдоу амедицинатә усбарҭаҿы иҟоу имариам азҵаарақәа рыӡбара акыр иуадаҩуп. Ҳус анагӡара азы ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны аус ааулап», - ҳәа илҳәеит лара.

Ирина Ануа цәыббрамза 22, 2021 шықәса инаркны ари амедицинатә усбарҭа аҳақьым хада инапынҵақәа налыгӡон. Уаанӡатәи анапхгаҩы Гьаргь Игор-иԥа Кортаа хатәгәаԥхарала иалеиҵаз арзаҳал ала имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәын.  Последнее изменение Среда, 16 марта 2022 15:52.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/item/7150-irina-anua-naznachena-na-dolzhnost-glavvracha-respublikanskoj-spetsializirovannoj-psikhiatricheskoj-bolnitsy.

© АПСНЫПРЕСС.

Last modified on Ахаша, 16 Хәажәкыр 2022 18:45