Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АХЬӠ-АԤША АПАРК АҾЫ МАРТТӘИ АЖӘЫЛАРА АҾЫ ИҬАХАЗ АФЫРХАЦӘА РГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.

Ахаша, 16 Хәажәкыр 2022 12:45 121

Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иҟоу афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа. Уи 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра иазкыз Марттәи ажәылараҿы иҭахаз ргәалашәара иазкын.   

Иҭахаз афырхацәа ргәаладыршәарц арахь имҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу  Урыстәылатәи Афедерациа аусқәа рзы Аамҭалатәи агәрага Максим Литвинов, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалба, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаажәларратәии аполитикатәии аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.   

Аԥсны аҳҭнықалақь агаразы имҩаԥгаз мараттәи ажәылараҿы усҟан иҭахеит 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа, шәҩыла еиуеиԥшым ахәрақәа роуит,  23 – ҩык хабарда ибжьаӡит.  

Ҟарачы-Черкессиантәи дааны хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз Татиана Кочи хәажәкырамза  16 рзы лҩыза дышлыԥхаз атәы еиҭалҳәеит: «Ҳара зегьы иаҳхамышҭуазароуп иахьа абри адунеи ҳақәлартә еиԥш аҟалара зыԥсҭазаара ақәызҵаз, иҳамоу ахақәиҭра зшьала икәабоу афырхацәа. Иахьа  алахьеиқәҵаратә, агәалашәаратә мшуп. Хәажәкырамза 15 – 16, 1993 шықәса  -  ари даара ирацәаны аҿар, иреиӷьыз аԥсадгьыл аҵеи иашақәа зыԥсҭазаара ҿахызҵәаз атрагедиатә мшқәоуп.

Сара хаҭала сзықәшәаз ахҭыс атәы еиҭасҳәарц сҭахуп. Хәажәкырамза 14 рзы сара сира Амш акәын. Сҩыза  Миша Гончарови сареи амаҵурҭаҿы ҳтәан, ус ҳшеицәажәоз иара иаалырҟьаны мҳаҵәла акриҿасҵарц азы аҳәара ҟаиҵеит. Ҳара уи алаф ахь ииаҳгеит. Сара уара ухәыҷума, мшәан ҳәа иасҳәеит? Иара сылақәа дырхыԥшылан сара уи даараӡа исҭахуп ҳәа сеиҳәеит. Сара уи иҟаиҵаз аҳәара насыгӡеит, ахәыҷы еиԥш мҳаҵәла акриҿасҵеит. Ҩымш рышьҭахь иара Руслан Ԥлиа дицҭахеит. Аӡәы ихыҵуан    19 шықәса, егьи  21 шықәса.

Миша Гончаров иан есышықәса Аиааира Амш аҽны арахь даауан, егьырҭ иҭахаз ранацәеи лареи еиԥылон. Абар шьҭа ԥшьышықәсоуп лара лыԥсҭазаара далҵиижьҭеи. Сара сыԥсадгьыл Ҟарачы-Черкессиаҟа санаауа уи инышәынҭра аҭаара исуалԥшьаны исыԥхьаӡоит. Иахьа амшгьы иҳалагылам, аибашьраҿы иҳацәҭахаз ҳҩызцәа  рзы иҵәыуозшәа еихашьшьы иҟоуп. Сара гәыкала исҭахуп Аԥсны есымша аҭынчра ыҟазарц, амра ԥхаларц, уи ашәахәақәа адгьыли ауаа ргәаҵақәеи арԥхаларц». 

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/item/7144-v-parke-slavy-vozlozhili-tsvety-v-pamyat-o-pogibshikh-v-martovskoj-operatsii.

© АПСНЫПРЕСС.

Last modified on Ахаша, 16 Хәажәкыр 2022 18:26