Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ХӘАЖӘКЫРАМЗА 19 РЗЫ БАҬАЛ ЧЕЖЬИА МОСКВА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АРЕИТИНГТӘ ЕИНДАҬЛАРА МҨАԤИГАРАНЫ ДЫҞОУП.

Ахаша, 16 Хәажәкыр 2022 15:39 101

Аҟәа. Хәжәкырамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Хәажәкырамза 19 рзы Москва ақалақь, Ауниверсалтә Спорттә Комплекс «Крылья Советов» аҿы абокс ахәылԥаз аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысраны иҟоуп аԥсуа спортсмен Баҭал Чежьиа иреитингтә еиндаҭлара.  Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.

Аԥснытәи аспортсмен диеиндаҭлоит Ҭадџьыкьысҭантәи аспортсмен-абоксиор   Махмадражаб Шарипов (2-1-0). Ф-раундкны иҟоу аинаҭлара аҩбатәи абжьаратәи акапантә категориа аҿы имҩаԥыслоит.

Аиндаҭлара ишиашоу ицо атранслиациа  ателеканал «Спортивный» ала  иубар алшоит.

Баҭал Чежьиа апрофессионалтә ринг аҿы имҩаԥигахьеит  14 еиндаҭлара, урҭ рахьынтә жәаба рҿы аиааира игеит, ҩба  даҵахеит, ҩба еиҭахарала ихыркәшахеит. Уи  Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара ачемпион ититул имоуп, иара убас ажурнал «Про Бокс»  аверсиа ала аславиан тәылақәа рчемпион атитул имоуп.  Аԥснытәи абоксиор урыстәылатәи ареитинг аҿы 13 – тәи ацәаҳәа ааникылоит, адунеизегьтәи аҿы –  208 тәи ацәаҳәа ааникылоит.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/item/7149-19-marta-batal-chezhiya-provedet-rejtingovyj-boj-v-moskve.

© АПСНЫПРЕСС.

Last modified on Ахаша, 16 Хәажәкыр 2022 17:40