Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ИНАР ЛАДАРИА НИКАРАГУА ИҞОУ УРЫСТӘЫЛЕИ ВЕНЕСУЕЛЕИ РЫЦҲАРАЖӘҲӘАҨЦӘА ДЫРԤЫЛЕИТ.

Ахаша, 16 Хәажәкыр 2022 15:38 93

Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩи Ареспублика Никарагуа иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела ацҳаражәҳәаҩи дырԥылеит.

2022 шықәса хәажәкыра 15 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Хохоликов Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Ирезиденциахь инеиԥхьеит Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩи Ареспублика Никарагуа иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хосе Франсиско Хавьером Арруе де Паблои.

Александр Хохоликови Хосе Франсиско Хавьер Арруе де Паблои Инар Ладариа идырныҳәалеит Ареспублика Никарагуа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩыс иҟалара, изеиӷьаршьеит ақәҿиарақәа абри аус аҿы. Аиԥылараан еиуеиԥшым азҵаарақәа рганахь ала агәаанагарақәа еимырдеит, Ацҳаражәҳәарҭақәа русура аинырра иалацәажәеит.

 

Last modified on Ахаша, 16 Хәажәкыр 2022 17:20