Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ЧАГРЫԤШЬ АҚЫҬАҾЫ АҨНЫ АМЦА АКИТ.

Аҩаша, 15 Хәажәкыр 2022 21:43 75

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион  Чагрыԥшь ақыҭан абарактә  ргылара иаҵанакуа еихагылакны иҟоу аҩны амца акит.  

Ԥшьгәыԥк амцарцәаҩцәеи Гагра ақалақь Аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аиқәырхаратә ҟәшеи иаарласны адырра  ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит. 15 сааҭи 36 минуҭи рзы урҭ аҭыԥ аҟынӡа инаӡеит.  Аха аҩны аиқәырхара залымшахеит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, абылра ҟалеит арԥхагатә прибор аусура аиԥҟьара иахҟьаны.

 

Last modified on Ахаша, 16 Хәажәкыр 2022 19:05