Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА АХАҬАРНАКЦӘА АԤСНЫ АПАРЛАМЕНТТӘ АЛХРАҚӘА РХЫЛАԤШРАЗЫ ИААИТ.

Ахәаша, 11 Хәажәкыр 2022 20:00 69

Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, Аԥсны аҳҭнықалақь ахь иааит Урыстәылатәи Афедерациа Ауаажәларратә Палата ахаҭрнакцәа. Урҭ Аԥсны Апарламенттә алхрақәа рымҩаԥысра ахылаԥшра арҭалоит.

Урыстәылатәи Афедерациа Ауаажәлрратә Палата амилаҭбжьаратәии адинбжьаратәии аизыҟазаашьақәа реишьашәалара азы акомиссиа ахантәаҩы  Владимир  Зорин ихантәаҩрала  еиҿкаау аделегациа аилазаара аҿы иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа Ауаажәларратә Паалата аҟны иҟоу акоординациатә хеилак ахантәаҩы Алиона Булгаковеи ашәарҭадареи аусеицуреи рзы акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Холодови.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә Палата Амаӡаныҟәгаҩ Гәльнара Кьычба аиԥылара аартуа, аҩҳәынҭқаррак Рыуаажәларратә Палатақәа рыбжьара аилибакаара, аиҩызаратәи аҳаҭырқәҵаратәи аизыҟазаашьақәа ыҟоуп ҳәа иазгәалҭеит.

«Анаԥшыҩцәа раҳасабала Аԥсны Жәлар Реизра-Апарламент алхрақәа рахь ааԥхьара зауз Урыстәылатәи Афедерациа Ауаажәларратә Палата ахаҭарнакцәа араҟа адемократиатә нормақәа зегьы рықәныҟәара шалыршоу рыблала ирбаратәы алшара роуеит», - ҳәа  инаҵшьны иазгәалҭеит Аԥсны Ауаажәларратә Палата Амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба.  

Урыстәылатәи Афедерациа Ауаажәларратә Палата аделегациа ахада Владимир Зорин иқәгылараҿы иара напхгара зиҭо аделегациа азы Аԥсны азы ас еиԥш акыр зҵазкуа ахҭыс алахәхара акыр гәырӷьара дуны иҟоуп, иара убри аамҭазы агәыхыҭхыҭрагьы ацуп ҳәа иазгәеиҭеит.   

«Ҳара арахь амҩа ҳақәлаанӡа аматериалқәа ҭаҳҵааит, адепутат имандат аиуразы иқәгылоу акандидатцәа рхыԥхьаӡара шырацәоу, иара убас алхрақәа рымҩаԥгара аҽазыҟаҵарақәа активла ишымҩаԥысуа   азгәаҳҭеит», - ҳәа иҳәеит Владимир Зорин.

«Иахьа адунеи зегьы аҿы еиԥш шәареи ҳареи ҳазгьы иҟоу имариам аамҭазы акырӡа аанагоит ҳаидгыланы аилибакаареи аицхыраареи ахьҳалҳаршо. Гәахәара дула иҳадаҳкылеит Урыстәыла имҩаԥнаго ауснагӡатәқәа адгылара рыҭара иазкны араҟа имҩаԥысыз амитинг. Ҳара иаадыруеит мышқәак раԥхьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгара Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи рхьыԥшымреи рсуверенитети шазханаҵаз. Ари зегьы акыр аҵак ду аҵоуп, уи иҳабжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи ҩаԥхьа иарҵабыргуеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аделегациа ахада.      

 

 

Last modified on Ахаша, 16 Хәажәкыр 2022 15:49