Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АДЕЛЕГАЦИА АҦСНЫҞА РААРА АИХШЬАЛАҚӘА ИНАРЫМАДАНЫ АУСУРАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАҦИГЕИТ.

Аҩаша, 15 Хәажәкыр 2022 18:23 76

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач зхадараҿы дыҟаз урыстәылатәи аделегациа Аԥсныҟа раара аихшьалақәа инарымаданы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аилатәара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, уи ихаҭыԥуаҩ Валери Папба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, аԥыза-аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аԥыза-аминистр ихаҭыԥуаҩ аекономика аминистр Кристина  Озган, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аиҳабыра алахәылацәа, «Амшынеиқәафымцамчи"  шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭеи рнапхгара.

Аиҳабыра алахәылацәа Аҳәынҭқарра Ахада аилацәажәарақәа реихшьаала атәы, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистрра аделегациеи дареи иаздырхиаз азыӡбақәа ртәы изеиҭарҳәеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа имҩаԥнаго афинанстә цхыраара  ахархәараеи, Аинвестпрограмма анагӡареи инарымаданы зҵаарақәак.

Аилатәараҟны Урыстәылатәи Афедерациа аекономика аҿиара Аминистрра алархәны иазырхиаз азнеишьақәа ҳасаб рзуны Аинвестпрограмма ҿыц ашьақәыргылара иазааҭгылан.

Аҳәынҭқарра Ахада аиҳабыра алахәылацәа азхьарԥшны далацәажәеит аобиектқәа ирзоужьу афинансқәа ианаамҭоу рхархәара иамоу аҵакы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа иусуратә ныҟәарақәа раан ирыдыркылахьаз аӡбамҭақәа инарықәыршәаны, 2023-2025ш.ш. рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы аинвестициатә программа ҿыц иалаҵоуп абиуџьет усхкы аҟны зуа руалафахәы ашьҭыхра иазку аусмҩаԥгатәқәа;

Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны абиуџьеттә инвестициақәеи аинвестициатә усура ацхыраара аҭареи;

анаплакра маҷ акредиттә система адгылара аҭара,  ақыҭанхамҩеи ааглыхреи ирызку апроектқәа адгылара рыҭара;

ашәахтәқәа хылаԥшра рыҭара асистема аҧҵара; акадастртә хәшьара ахархәарала ашәахтәқәа хылаԥшра рыҭара асистема аԥҵара.

Аилатәараҿы ирылацәажәан актуалра змоу егьырҭ азҵаарақәагьы.

Last modified on Ахаша, 16 Хәажәкыр 2022 16:57