Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ИАХЬА АԤСНЫ ИАЗГӘАРҬОИТ ХӘАЖӘКЫРАМЗАЗТӘИ АЖӘЫЛАРА 29-ШЫҚӘСА АХЫҴРА.

Аҩаша, 15 Хәажәкыр 2022 16:35 91

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа  Аԥсны иазгәарҭоит Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аҭоурых аҿы итрагедиахаз, аха убри аангьы афырхаҵара ду зцу арыцхə – хәажәкырамзазтәи ажәылара 29-шықәса ахыҵра амш. 29 шықəса раԥхьа, 1993 шықәса, хәажәкырамза 15 рзы Гəымсҭатəи афронт аибашьцәа Аҟəа ақалақь ақырҭуа мпыҵахалаҩцəа рҟынтəи  ахақəиҭтəразы мҽхакы ҭбаала ажəылара мҩаԥыргеит.

Ареспублика Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аибашьра аанкыларазы изныкымкәа аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы аҽазышәарақәа шыҟанаҵозгьы, урҭ хра злоу алҵшәа аиуӡомызт. Уимоу, Қырҭтәыла Анапхгара архәҭақәа Аԥсны атерриториа алгара мап ацәнакуан. Гагра араион ҩаԥхьа агара азы аҽазышәара анлыҵшәадаха ашьҭахь,  ақырҭцәа рырратә мчқәа зегьы аҳҭнықалақь ахь идәықәырҵеит. Аибашьыгатә техника хьанҭа, хаҭалатәи аилазара ахыԥхьаӡара излауаз ала еизырҳаны Гәымсҭатәи афронт ахь ииаргеит.

Иҟоу адыррақәа рыла, хәажәкырамза, 1993 шықәса рзы Аԥснытәи арбџьармчқәа  Аҟәа ахақәиҭтәразы зегьы раасҭа акыр зҵазкуаз, иудаҩыз, анаҩс “Марттәи ажәылара” ҳәа аҭоурых ианылаз  аоперациа амҩаԥгара рҽазыҟарҵон.  Уи иахаану ражәақәа рыла, усҟан  амш цәгьан, ақәа леиуан, акыр ихьҭан. Издыруада, уи ала аԥсабарагьы ԥхьаҟа иҟалараны иҟоу адыруазшәа агәала шамаз унарбозҭгьы. Аха ҳаибашьцәа аԥсытәбара шыҟалоз шеилыркаауазгьы, шьҭахьҟа хьаҵшьа рымаӡамызт, Рыԥсадгьыли рыуаажәлари хьчатәын. Аԥсуа еибашьцәа ротриадқәа Гәымсҭа аӡиас ҵаҟала амҩасра иахьаҵанакуа аӷа иҟынтәи иҭарцәны дара ирышьҭаланы иаауаз ҳархәҭақәа рзы амҩа аартра хықәкыс ирыман.

Хәажәкырамза 15, 1993 шықәса рзы аԥсуа архәҭақәа Гәымсҭа  аӡиас ирны Аԥсны аҳҭнықалақь азааигəара астратегиатə ҵакы змаз аҳаракырақəа рнапаҟны иааргеит, гəыԥқəак ақалақь агəы алаларагьы рылшеит.

Аибашьра зхызгаз аԥсуа еибашьцәа ишазгәарҭо ала, Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз хәажәкырамзазтәи ажәылара зегьы раасҭа иуадаҩыз операциан. Амотохысратә архәҭақәа Гәымсҭа аӡиас ирны, аҳауантәии еиԥш амшынынтәии ацхыраара рыманы аӷа раԥхьатәи ихыхьчаратә цәҳәа иахысны, анаҩс Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иацырҵарц азы ахыдҵа рыман. Хаха-хымш аԥсуа еибашьцәа агәымшәареи афырхаҵареи аарԥшны ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа иреибашьуан, ирылшоз ала ихәыз рҩызцәа Ачадара ақыҭантәи ралгара рҽазыршәон. Аха, рыцҳарас иҟалаз, хәажәкыра  15-16 ауха иалагаз ажәыларатә операциа ахықəкы азынамыгӡеит, ҳаибашьцəа иаарыкәшаны итәеит ҳаӷацәа. Ишьаарҵәыраз аидысларақәа рышьҭахь, хәажәкырамза 17,18 рзы ҳархәҭақәа ихьаҵыр акəхеит.

Ари ажəылараҿы иҭахеит 222-ҩык ҳаибашьцəа, шəҩыла ахəрақəа роуит,  иара убас 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.

Аҭоурыхҭҵааҩцәа марттәи ажәылара азы ргәаанагара рҳәашт, ахәшьарагьы арҭашт, аха жәаҳәарада  уи ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа риааиреи Аԥсны атерриториа аҟынтәи ралцареи рзы кыр зҵазкуа етапны иҟалеит. Ареспублика Аԥсны Арбџьамчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада Владислав Григори-иԥа Арӡынба ахачҳареи еицамкуа амчхареи аарԥшны Аԥсуа жәлар рахь ақырҭуа фашизм аҿагылара иацырҵарц азы ааԥхьара ҟаиҵеит. Хара имгакәа зегьы акыр иззыԥшыз Аиааирагьы ргеит аԥсуа жәлар ироуит иреиӷьу Аԥсны аҵеицәа ршьала икәабоу ахақәиҭреи ахьыԥшымреи.

Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аҭоурых аҿы Хәажәкырамзазтәи ажәылара ҳəа зыхьӡхаз ажəылара аҿы аԥсадгьыл ахьчаҩцəа зеиԥш ыҟам афырхаҵареи агəымшəареи аадырԥшит, аӷацəа ртехникеи дареи ааха ӷəӷəа рырҭеит.

Аԥсны ахақәиҭразы иҭахаз Аԥсуа Ар аибашьцәеи акомандаҟаҵаҩцәеи  ргәалашәара наунагӡоуп урҭ ргəалашəара аҿаԥхьа ҳхырхәоит!!!! 

Афырхацəа рыхьӡ кашəара ақəым!"

Хәажәкырамза 16,  асааҭ 18:00 рзы, Р. Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысуеит есышықәса еиҿкаахо «1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәалашәара азы» аконцерт.

Аконцерт амҩаԥгара азы иалху аамҭа 1993 шықәсазы иҟалаз марттәи ажәылара иазкуп. Усҟан Аԥсны Арбџьармчқәа Гәымсҭатәи афронт аҿы аԥыжәара агареи Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәреи рзы арратә ҽазышәара ҟарҵеит. Марттәи ажәылара иацу ахҭысқәа шәҩыла аԥсуа ҵеицәа зыԥсҭазаара ҿахнаҵәаз, зегьы реиҳа ишьаарҵәыру ахлымӡаах аҳасабала Аԥсны аҭоурых аҿы иаанхоит.

Аконцерт-ареквием аҿы, ус иахьӡырҵеит иара уи аиҿкааҩцәа, ззанааҭтә ҩаӡара акыр иҳараку апрофессионалцәа – аҟыбаҩ злоу артистцәеи амузыкантцәеи инарыгӡо адунеитә классика атематикатә рҿиамҭақәа ахәаԥшыҩ идгалахоит.

Аконцерт рхы аладырхәуеит:

- Аԥснытәи афилормониа асолистцәа: Аԥсны зҽаԥазтәыз артистка Асида Шьакаиа (сопрано), Елена Анқәаб (сопрано), Нана Черқезиа (сопрано), Альдона Ҵкәуа (сопрано), Ныгәзар Какалиа (баритон), Алхас Ферзба (бас), Асҭанда Џьыкырба (фортепиано);

- Челиабинсктәи аҳәынҭқарратә  филармониа асолистцәа: Ольга Смоленскаиа (аскрипка), Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз артистка Наталиа Александрова (авиолончель), Ирина Головина (фортепиано);

-Аԥнытәи аҳәынҭқарратә аҿар ртиатр артистцәа: Альдона Адлеиба, Лана Гергиа, Есма Шуген, Ахра Кәарҷиа, Мдар Сақаниа.

Аконцерт апрограммаҿы  иҟоуп -  Бах, Гендель, Праиснер, Килиар, Вилла Лобос, Рахманинов, Гомес, Масканьи, Вавилов, Шумана, уҳәа рырҿиамҭақәа. Иара убас аконцерт аҿы исахьаркны иаԥхьараны иҟоуп Лиолиа Тәанба, Рушьбеи Смыр, Рауль Лашәриа ражәеинраалақәа.

Есышықәса еиҿкаахо «1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәалашәара азы» аконцерт раԥхьаӡа акәны имҩаԥган 2015 шықәсазы. Апроект авторс дҟалеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьениа.

Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы ари апроект рхы аладырхәхит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә камертә оркестр, Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла, В.А. Судаков ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә хортә капелла, асолистцәа-авокалистцәа, иара убас  Шәачатәии Адыгатәии асимфониатә оркестрқәа рмузыкантцәа, Урыстәыла Зәаԥсазтәыз артистка  Маргарита Спиридонова (альт), Виктор Абрамиан-Ешба (аскрипка), Андреи Спиридонов (авиолончель), Лиубовь Молина (контральто), жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреатцәа Михаил Турпанов (фортепиано),  Алексеи Балашов (гобои), Владимир Спиваков ихьӡ зху Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә Фонд астипендиатцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра зәаԥазтәыз артист Михаил Алхазов (альт), Елена Шагун (авиолончель), уҳәа убас аӡәырҩы.

Аусмҩаԥгатә амҩаԥгара аҿы Аԥсны акультура Аминистрра ацхырара анаҭоит.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/item/6999-16-marta-v-abkhazskoj-filarmonii-im-r-gumba-sostoitsya-e-kontsert-pamyati-pavshikh-v-otechestvennoj-vojne-abkhazii-1992-1993-gg

© АПСНЫПРЕСС.

 

 

 

 

 

 

Last modified on Аҩаша, 15 Хәажәкыр 2022 17:38